АҞӘА, лаҵара 21 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аиубилеи аламҭалаз иазнархиеит " Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиа: исуверентәу аҳәынҭқарра 25-шықәса амаҵ аура" захьӡу ашәҟәы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра абжьагаҩ Ҭимур Шьанаа ишиҳәо ала ашәҟәаҟны иалацәажәоуп Аԥсны адәныҟаполитикатә системаҿы аминистрра иааннакыло аҭыԥ.
"Аҭыжьымҭаҿы иалацәажәоуп Аԥсны адәныҟаполитикатә системаҿы аминистрра иааннакыло аҭыԥ. Аминистрра аструктуратә еилазаара ашьақәгылашьеи аусуреи", — иҳәеит Шьанаа.
Иара иажәақәа рыла ашәҟәы аҟәшақәа руак азкуп апрактикатә дипломатиа. Рбагак аҳасабала арахь иаҵаркуп ақәҵарақәа, адҵақәа, еиуеиԥшым адокументқәа. Ашәҟәы аҭыҵраан ҭҵаарадырратә редакторцәақәак рыҳасаб ала иадыԥхьалоуп аминистрра уаанӡатәи анапхгаҩцәа Сергеи Шамбеи, Виачеслав Чрыгбеи. Ашәҟәы аус адулараҿы иџьабаа адуп Сократ Џьынџьал.
Ашәҟәы авторцәа Кан Ҭаниеи Ҭимур Шьанааи ргәаанагарала иара ахәарҭара аҵалоит арҵаҩцәа, астудентцәа, аҭоурыхҭҵааҩцәа иара убасгьы Аԥсны адәныҟаполитикатә ҭагылазаашьа аинтерес змоу зегьы рзы.
Ашәҟәы атираж 500 екземплиар иҟоуп. Иара иубилеитә ҭыжьымҭак аҳасаб ала иеиҿкаауп.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра еиҿкаауп лаҵара 17 1993 шықәса рзы. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иара анапхгараҿ иҟан: Саид Ҭаркьыл, Сократ Џьынџьал, Леонид Лакербаиа, Константин Озган, Игор Ахба, Сергеи Шамба, Максим Ӷәынџьиа, Виачеслав Чрыгба.