Гәдоуҭа иаадыртит амҳаџьырцәа ргәалашәараз абаҟа

© Sputnik / Бадри ЕсиаваМемориал в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте
Мемориал в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шықәсык аԥхьа ихацыркын Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаратә баҟа. Аусурақәа хыркәшахеит 2018 шықәса хәажәкырамзазы.

АҞӘА, лаҵара 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаратә мемориал аадыртит ашәахьа, лаҵара 21 рзы.

Амемориал аофициалтә аартра ацеремониа иалахәын Аԥсны Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистр Беслан Дбар, Гәдоуҭа араион анапхгара, ауаажәларра рхаҭарнакра.

"XIX-тәи ашәышықәсазы аҭыԥ зауз арыцҳара ду аԥсуаа рҭоурых аҿы реиҳа илахьеиқәҵагаз шықәсқәаны иҟоуп. Зықьҩыла, жәанызқьҩыла амҩа иахьықәыз амлеи ахьҭеи иркны иҭахеит. Иахьатәи амш азгәарҭоит ҳара ҳаиԥш ҳаиашьаратә жәларқәагьы", — иҳәеит иқәгылараҿы Аԥсны Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистр Беслан Дбар.

Апроект автор Игор Смыр имемориал аӷба асахьа амоуп. Иара "Маҳмадиа" ҳәа ахьӡиҵеит. Усеиԥш ахьӡын XIX ашәышықәсазы ҳауаажәлар рыԥсадгьыл иахыганы Ҭырқәтәылаҟа изгоз аӷбақәа руак. Аӷба-баҟа аргылара уадаҩрак аҵамлеит ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит апроект автор, архитектор Игор Смыр.

"Жәашықәса амҳаџьырцәа ргәалашәара иазку абаҟа аиҿкаара сазхәыцуан. Аха сыгәҭакы анагӡара уажәоуп иансылша", — иҳәеит Смыр.

Аӷба напыла еибиҭон аргылаҩ Заур Саӷариа. Иара иҳәеит асеиԥш апроект уаанӡа ишыҟаимҵацыз, имариангьы ишыҟамыз.

"Акаркас напыла еизызгеит. Маҿа-маҿала еибысҭон. Ҭыԥк аҿы агха ҟауҵар, иууз зегь еиҭаҟаҵатәхон", — иҳәеит Заур Саӷариа.

Беслан Дбар - Sputnik Аҧсны
Арадио
Дбар: Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ажәларқәа рацәоуп

Ҭырқәтәылатәи арепатриант Дамеи Аҩӡба еизаз рҿаԥхьа дықәгыланы еиҭеиҳәеит иаб, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, Ехмет Аҩӡба, иҭоурых ԥсадгьыл ахь дшыхынҳәыз реиҳа иуадаҩыз аамҭақәа раан, аибашьра ашьҭахь.

Ашәҟәыҩҩы Иури Ԥкьын даԥхьеит амҳаџьырцәа ирызку иажәеинраала, авокал-инструменталтә ансамбль "Риҵа" алахәылацәа инарыгӡеит "Амҳаџьыраа ргарашәа".

Иара убас ажәеинраала иаԥхьеит Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №5 аҵаҩы Аманда Анталавеи Лиана Ҳаразиеи.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш есышықәса Аԥсны иазгәарҭоит лаҵара 21 рзы.

Кавказтәи аибашьра иахҟьаны рыԥсадгьыл иахыган 80% ашьхарыуаа. 1877 шықәса рзы Аԥснынтәи иқәыргеит 50 000-ҩык. Иааидкыланы XIX-тәи ашәышықәсазы рыԥсадгьыл иахыган 135 000-ҩык ауааԥсыра.

© Sputnik Бадри ЕсиаваМемориал в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте
Мемориал в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте - Sputnik Аҧсны
1/6
Мемориал в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте
© Sputnik Игорь Смыр
Игорь Смыр - Sputnik Аҧсны
2/6
Игорь Смыр
© Sputnik / Бадри ЕсиаваОткрытие мемориала в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте
Открытие мемориала в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте - Sputnik Аҧсны
3/6
Открытие мемориала в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте
© Sputnik Бадри ЕсиаваОткрытие мемориала в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте
Открытие мемориала в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте - Sputnik Аҧсны
4/6
Открытие мемориала в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте
© Sputnik / Бадри ЕсиаваМемориал в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте
Мемориал в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте - Sputnik Аҧсны
5/6
Мемориал в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте
© Sputnik Бадри ЕсиаваОткрытие мемориала в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте
Открытие мемориала в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте - Sputnik Аҧсны
6/6
Открытие мемориала в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте
1/6
Мемориал в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте
2/6
Игорь Смыр
3/6
Открытие мемориала в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте
4/6
Открытие мемориала в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте
5/6
Мемориал в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте
6/6
Открытие мемориала в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте
Ажәабжьқәа зегьы
0