Гәдоуҭатәи ашәаҳәаҩцәа Адунеи ачемпионат-2018 аартраан ашәа рҳәоит

© Sputnik Стадион «Ростов-Арена»
Стадион «Ростов-Арена» - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аолимпиатә еилакы гәдоуҭатәи ашәаҳәаҩцәа қәыԥшцәа Аделина Аџьԥҳаи Амина Џьарсалиаԥҳаи ааԥхьара рнаҭеит Ростов-на-Дону ақалақь аҟны ачемпионат аартра иалахәхарц.

АҞӘА, лаҵара 24— Sputnik. Асида Кәыҵниаԥҳа. Аолимпиатә еилакы гәдоуҭатәи ашәаҳәаҩцәа қәыԥшцәа Аделина Аџьԥҳаи Амина Џьарсалиаԥҳаи ааԥхьара рнаҭеит Ростов-на-Дону ақалақь аҟны ачемпионат аартра иалахәхарц ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит аӡӷабцәа руаӡәы лан.

Вокалистки из Абхазии стали лауреатами ежегодной международной премии ART OPEN WORLD - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭатәи ашәаҳәаҩцәа аиааира ааргеит

"Аӡӷабцәа ҩба-ҩба шәа нарыгӡеит: аԥсышәалеи францыз бызшәалеи. Аконкурс алахәхаразы авоколистцәа алкааратә етапқәа зегьы ирхысит. Аҵыхәтәантәи аетап аан Амина Џьарсалиаԥҳа Гран-при ланашьахеит. Ростов афинал ахь инеиит иреиӷьӡақәаз. Аиндаҭлараҿы аиааира зго ироуеит алшара ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аартраан иқәгыларц. Лаҵара 21 рзы ҳара иаҳзаарышьҭит аофициалтә наԥхьареи ашәа ажәақәеи. Аӡӷабцәа аҽазыҟаҵара иалагахьеит. Аиҿкааҩцәа ишаҳзеиҭарҳәаз ала аномер иалахәхоит шәҩык инареиҳаны ахәыҷқәа", — лҳәеит Анна Аџьԥҳа.

Жәларбжьаратәи аԥхьахә азы аиндаҭлара иалахәын Амина Џьарсалиаԥҳаи Аделина Аџьԥҳаи. Жәаха шықәса зхыҵуа Амина Џьарсалиаԥҳа аноминациа "Соло. Эстрадный вокал" аҟны актәии аҩбатәии аҩаӡарақәа дырлауреатхеит. Иара абри акатегориаҿы быжьшықәса зхыҵуа Аделина Аџьԥҳа ахԥатәи аҩаӡара далауреатуп. Ашәаҳәаҩцәа рҩыџьагьы иара убас акатегориа "Дуэт" аҿы ироуит ахԥатәи аҩаӡара алауреатра.

Амина Џьарсалиаԥҳа жәашықәса анылхыҵуаз инаркны ашәаҳәара лнапы алакуп, Аделина Аџьԥҳа лакәзар "Аиҳәшьцәа Берзениаа" рвокалтә студиаҿы лҽазыҟалҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0