Ченгелиаԥҳа аушьҭымҭацәа ирызкны: ҩыџьа араӡны медалқәа роур рылшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМедея Ченгелия
Медея Ченгелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит лаҵара 25 аҽны Аԥснытәи ашколқәа рҿы.

АҞӘА, лаҵара 25– Sputnik. Аԥснытәи аушьҭымҭацәа ҩыџьа араӡны медалқәа роуразы иқәгылоуп, 60-ҩык ашкол хәбаҳәа алгара рылшоит, лҳәеит радио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгелиаԥҳа.

Ареспубликаҿы аԥышәарақәа рҽырзыҟаҵара акрааҵуеит иалагеижьҭеи. Сынтәа раԥхьаӡа акәны 9, 10-тәи аклассқәа рҟны имҩаԥгахоит Аԥсны аҭоурых азы аԥышәара. Аԥсуа бызшәеи алитературеи рзы аԥышәара мҩаԥгахоит аԥшьбатәи акласс инаркны.

2018 шықәса рзы рҵара хдыркәшеит: Аҟәа ақалақь аҟны – 497-ҩык, Аҟәа араион аҟны – 47-ҩык, Гҽдоуҭа араион аҟны – 292-ҩык, Гагра араион аҟны – 264-ҩык, Очамчыра араион аҟны – 156-ҩык, Тҟәарчал араион аҟны —122-ҩык, Гал араион аҟны – 288-ҩык, Гулрыпшь араион аҟны– 123-ҩык.

1889-ҩык аушьҭымҭацәа рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы рҭыҩит 156 школ.

Ажәабжьқәа зегьы
0