Аԥснытәи адепутатцәа Москватәи афорум иалахәуп

© Фото : duma.govМеждународный форум "Развитие парламентаризма"
Международный форум Развитие парламентаризма - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламентаризм аҿиаразы Жәларбжьаратәи афорум аатит Москва. Иара иалахәуп 400-ҩык аделегатцәа, 97 тәыла рҟынтәи, имҩаԥысуеит рашәара 4 - 5 рзы, Москва.

АҞӘА, рашәара 4 — Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа зхадараҿы дыҟоу апарламенттә делегациа Москва иҟоуп Апарламентаризм аҿиаразы Жәларбжьаратәи афорум иалахәуп. Абри атәы аалыцҳаит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы иабжьагаҩ хада Галина Страничкина.

"Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа зхадараҿы дыҟоу апарламенттә делегациа Москваҟа инеиит Апарламентаризм аҿиаразы Жәларбжьаратәи афорум ахалархәразы. Афорум аҿы Валери Кәарҷиа ажәахә ҟаиҵараны дыҟоуп ("Некоторые особенности становления законодательства Республики Абхазия"), – лҳәеит Страничкина.

Лара еиҭалҳәеит афорум аиҿкааҩцәа асасцәа русура адагьы еиуеиԥшым агәырҿыхаратә уснагӡатәқәа шырзеиҿыркааз. Убас изҭаху рзы еиҿкаауп Москва ақалақь аҿы аекскурсиақәа, ҷыдала Кремль аҭаара. Еиҿкаауп Атеатр ду аҿы ицо абалет "Дама с камелиями" ахәаԥшра.

Аԥснытәи аделегациа ирԥылеит Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟо Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Игорь Ахбеи, Аԥсны Апарламент анырразы Аҳәынҭқарратә Дума Афедералтә еизара адепутаттә гәыԥ акоординатор Андреи Красови.

Аиԥылараҿы ирылацәажәан ԥхьаҟатәи аԥсуа-аурыс парламенттә еизыҟазаашьақәа рыҿиара азҵаара.

Галина Страничкина иара убасгьы илҳәеит афорум хықәкы хаданы иамоу апарламентарицәа иааиԥмырҟьаӡакәа реинырра шакәу.

Апарламентаризм аҿиаразы Жәларбжьаратәи афорум аатит Москва. Иара иалахәуп 400-ҩык аделегатцәа, 100-ҩык аекспертцәа 97 тәыла рҟынтәи, имҩаԥысуеит рашәара 4 — 5 рзы, Москва.

Афорум асас хадацәа иреиуоуп: Жәларбжьаратәи апарламенттә еидгыла ахантәаҩы Пьер Фердинандо Казини, ПАСЕ 2005-2008 шықәсқәа рзы ахантәаҩыс иҟаз Рене Ван дер Линден, ПАСЕ 2016-2017 шықәсқәа рзы ахантәаҩыс иҟаз Педро Аграмунт.

Афорум хыркәшахоит рашәара 5 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0