Пушкинтәи аԥхьарақәа Аботаникатә баҳчаҿы имҩаԥысит

© SputnikРоссийский посол Алексей Двинянин и поэт Мушни Ласурия
Российский посол Алексей Двинянин и поэт Мушни Ласурия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аурыс шәҟәыҩҩы ду Александр Сергеи-иԥа Пушкин имшира инақәыршәаны ирҿиамҭа абзиабаҩцәа апоет ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, традициак аҳасаб ала ишышьақәгылахьоу еиԥш, Аботаникатә баҳчаҿы иажәеинраалақәа ирыԥхьеит.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Рашәара 6 рзы Аԥсны, Урыстәылеиԥш иазгәарҭоит аурыс шәҟәыҩҩы ду Александр Сергеи-иԥа Пушкин иира мшы. Апоет ирҿиамҭа абзиабаҩцәа апоет ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, традициак аҳасаб ала ишышьақәгылахьоу еиԥш, Аботаникатә баҳчаҿы, аҵла дуқәа рымҵаҿы иажәеинраалақәа ирыԥхьеит.

Шьыжьы инаркны Александр Сергеи-иԥа ибаҟахьы инеит Аԥснытәи аинтеллигенциа. Ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит амемориал аҿаԥхьа.

Ацеремониа ихы алаирхәит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин.

Мушни Ласурия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Лашәриа: "Евгени Онегин" аҵаки, аинтонациеи аԥсшәахь аиҭагара сылшеит
"Аурыс бызшәа аныҳәа Пушкин имшира аҽны Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы амҩаԥгара сара сзы игәахәара дууп. Еизаз зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп арахь шәааиразы. Ҭабуп ҳәа ахысҳәаар сҭахуп Аԥсны ауааԥсыра зегьы бзиа ибаны аурыс бызшәа иахьалацәажәо. Саргьы сҽазысшәоит, иуадаҩзаргьы, аԥсуа бызшәала ажәак-ҩажәак рҳәара" — иҳәеит Ацҳаражәҳәаҩ.

Алексеи Двинианин ааԥхьара ҟаиҵеит пушкинтәи аԥхьарақәа ԥхьаҟагьы ирыцырҵаларц, ихаҭагьы даԥхьеит ажәеинраалақәа руак.

Аботаникатә баҳчаҿы асасцәа ирԥылеит Пушкин ианихааныз еиԥш еибыҭаз аҭыԥҳацәа ссирқәа.

"Иахьа Пушкин имшира азгәаҭо, ҳара иаҳҭахуп уи ажәлар дырхамшҭуа аҟаҵара. Изҭаху зегьы ирымоуп алшара апоет иажәеинраала иаԥхьарц", — рҳәеит ААУ афилолгиатә факультет астудентцәа Саидеи Дианеи Ҷыҭанааԥҳацәа.

Аҭәаҵла ду амҵаны ауснагӡатә ааиртит аԥсуа поет, "Евгени Онегин" аԥсуа бызшәахь еиҭазгаз Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.

© Sputnik Сария КварацхелияВозложение цветов к памятнику А.С. Пушкина
Возложение цветов к памятнику А.С. Пушкина - Sputnik Аҧсны
1/4
Возложение цветов к памятнику А.С. Пушкина
© Sputnik / Томас ТхайцукПушкинские чтения в ботаническом саду
Пушкинские чтения в ботаническом саду - Sputnik Аҧсны
2/4
Пушкинские чтения в ботаническом саду
© Sputnik / Томас ТхайцукПушкинские чтения в ботаническом саду
Пушкинские чтения в ботаническом саду - Sputnik Аҧсны
3/4
Пушкинские чтения в ботаническом саду
© Sputnik / Томас ТхайцукПушкинские чтения в ботаническом саду
Пушкинские чтения в ботаническом саду - Sputnik Аҧсны
4/4
Пушкинские чтения в ботаническом саду
1/4
Возложение цветов к памятнику А.С. Пушкина
2/4
Пушкинские чтения в ботаническом саду
3/4
Пушкинские чтения в ботаническом саду
4/4
Пушкинские чтения в ботаническом саду

"Александр Сергеи-иԥа иҟазара анырра ду анаҭеит аԥсуа поезиа. Дыҟам Аԥсны поетк Пушкин иритм зырҿиамҭаҿ иуԥымло. Иахьа ҳара иааҳарԥшуеит аурыс поет иахь иҳамоу абзиабара дуӡӡа", — иҳәеит Мушьни Лашәриа.

Иара иҳәеит агәра шиго ԥхьаҟа пушкинтәи аԥхьарақәа еиҳагьы рҽышдырҭбаауазы.

Пушкин ииубилеи азы аԥсуа поетцәа, аҵарауаа, артистцәа, астудентцәа, аҵаҩцәа ажәеинраалақәа рыԥхьара рҽаздырхиеит. Еишьҭагыланы ирыԥхьон ажәеинраала ссирқәа. Мушьни Лашәриа даԥхьеит иажәеинраалоу ароман "Евгени Онегин" аҟнытә ацыԥҵәаха, аԥсышәала.

Рашәара 6 рзы Аԥсны, Урыстәылеиԥш иазгәарҭоит аурыс шәҟәыҩҩы ду Александр Сергеи-иԥа Пушкин имшира. Апоет ирҿиамҭа абзиабаҩцәа апоет ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, традициак аҳасаб ала ишышьақәгылахьоу еиԥш аботаникатә баҳчаҿы, аҵла дуқәа рымҵаҿы иажәеинраалақәа ирыԥхьеит.

© flickr.comБотанический сад
Ботанический сад - Sputnik Аҧсны
Ботанический сад

Ажәабжьқәа зегьы
0