Урыстәыла Амш иазкны ашьапылампылтә турнир мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукФутбольный турнир ко Дню России и ЧМ FIFA-2018
Футбольный турнир ко Дню России и ЧМ FIFA-2018 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Россотрудничество аиҿкаарала Урыстәыла Амш иазкны ашьапылампылтә турнир мҩаԥысит Аҟәатәи аспорттә школ №1 аҟны.

АҞӘА, рашәара 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иҟоу Россотрудничество аиҿкаарала Урыстәыла Амши ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат FIFA-2018 иазкни ахәыҷтәы шьапылампылтә турнир мҩаԥысит Аҟәатәи аспорттә школ №1 аҟны астадион "Динамо" аҟни.

© Sputnik / Томас ТхайцукФутбольный турнир ко Дню России и ЧМ FIFA-2018
Футбольный турнир ко Дню России и ЧМ FIFA-2018 - Sputnik Аҧсны
Футбольный турнир ко Дню России и ЧМ FIFA-2018

Аҟәатәи аспорттә школ №1 адиректор Татиана Емхааԥҳа еиҭалҳәеит жәашықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рыбжьара атурнир ҩынтәуп Аҟәа имҩаԥысуеижьҭеи ҳәа.

"Хықәкны иҳамоу акызаҵәык ауп: ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәра, ашьапылампыл абзиабара рылааӡара, ргәабзиара арӷәӷәара", — лҳәеит лара.

© Sputnik / Томас ТхайцукФутбольный турнир ко Дню России и ЧМ FIFA-2018
Футбольный турнир ко Дню России и ЧМ FIFA-2018 - Sputnik Аҧсны
Футбольный турнир ко Дню России и ЧМ FIFA-2018

Атурнир иалахәын Аҟәатәи аспорттә школ №1, Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ, Гагра Тҟәарчал рҟынтәи аспортсменцәа.

Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥ ааныркылеит Аҟәатәи аспорттә школ №1 ахәмарыҩцәа, аҩбатәи – Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ, ахԥатәи – Гаграа, аԥшьбатәи – Тҟәарчалаа.

"2008 шықәса рзы ииз рыбжьара аицлабрақәа шықәсык ахь ҩынтә имҩаԥаагоит", — лҳәеит Емхааԥҳа.

Урыстәылатәи аҭҵаарадырреи акультуреи рцентр апресс-маӡаныҟәгаҩ Диана Мар иазгәалҭеит Россотрудничество азы аспорт аҿиара адгылара аҭара акраҵанакуаны ишшьо. Лара иазгәалҭеит атурнир ахь инеииз ахәмарцәа рҭаацәеи рыдгылацәеи урҭ активла адгылара шрырҭоз.

© Sputnik / Томас ТхайцукФутбольный турнир ко Дню России и ЧМ FIFA-2018
Футбольный турнир ко Дню России и ЧМ FIFA-2018 - Sputnik Аҧсны
Футбольный турнир ко Дню России и ЧМ FIFA-2018

 

"Ахәыҷқәа ампыл ҭадыршәыр игәырӷьоит, ирыцәҭашәар – ргәы рыхьуеит. Ус шакәугьы аспорттә ныҳәа иалахәугьы иадҳәалоугьы зегьы рзы аинтерес ду аҵоуп", — ҳәа лҳәеит Урыстәылатәи аҭҵаарадырреи акультуреи рцентр апресс-маӡаныҟәгаҩ Диана Мар.

Аԥсны иҟоу Россотрудничество аиҿкаарала Урыстәыла Амш иазкны ашьапылампылтә турнир мҩаԥысит Аҟәтәи аспорттә школ №1 аҟны.

© Sputnik / Томас ТхайцукФутбольный турнир ко Дню России и ЧМ FIFA-2018
Футбольный турнир ко Дню России и ЧМ FIFA-2018 - Sputnik Аҧсны
Футбольный турнир ко Дню России и ЧМ FIFA-2018
Ажәабжьқәа зегьы
0