Ҳаџьымба Урыстәылатәи ашьапылампылтә команда аиааирақәа азеиӷьеишьоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Хаджимба на торжественном заседании к 25-летию МИД Абхазии в Кабинете Министров 17 мая
Рауль Хаджимба на торжественном заседании к 25-летию МИД Абхазии в Кабинете Министров 17 мая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аартра ацеремониа далахәын аиҿкааҩцәа рнаԥхьарала.

АҞӘА, рашәара 15 — Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аҟны Урыстәылатәи акоманда ақәҿиарақәа азеиӷьеишьеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Исҭахуп ҳаизыҟазаашьақәа рышьақәыргылараҿы ақәҿиарақәа ҳхы иазеиӷьаҳшьарц. Исҭахуп ақәҿиарақәеи аиааирақәеи азеиӷьасшьарц Урыстәылатәи акоманда", — иҳәеит иара МИА "Россия сегодня" аҟны имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы.

Раԥхьаӡа акәны Урыстәыла имҩаԥысуеит ашьапылампыл асразы Адунеи ачемпионат рашәара 14 инаркны ԥхынгәы 15 рҟынӡа Урыстәыла ақалақьқәа 11 рҟны: Москва, Санкт-Петербург, Самара, Саранск, Ростове-на-Дону, Шәача, Казань, Калининград, Волгоград, Новгород, Екатеринбург.

Ажәабжьқәа зегьы
0