Аԥснынтәи Ҟрымҟа абӷанҷ амҩангара иацҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПогрузка инертных на грузовой корабль для транспортировки груза из Сухумского порта в Крым
Погрузка инертных на грузовой корабль для транспортировки груза из Сухумского порта в Крым - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснынтәи аинерттә материалқәа Урыстәылатәи Афедерациахь рынашьҭра алыршоуп Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз VIII Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аҿы рнапы зҵарҩыз аиқәышаҳаҭрақәа инарықәыршәаны.

АҞӘА, рашәара 18 – Sputnik. Аҩбатәи аидарамҩангагатә ӷба амҩа ақәлара аҽазнархиоит Ҟрымҟа. 2,5 нызқь тонна абӷанҷ Ҟрымҟа инашьҭхоит амҩақәа рыҟаҵаразы ҳәа ааицҳауеит Аԥсны аекономика аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Георги Берзениа.

Аамҭақәак раԥхьа Ҟрымҟа инашьҭыз абӷанҷ аус еиҭадулан Ҟрымтәи ацҳаи Севостополь ақалақьи еимаздо амҩа аҟаҵараҿы ахархәара арҭахьеит. Берзениа иажәақәа рыла сынтәатәи ашықәс анҵәамҭанӡа Ҟрымҟа инагахоит 200 000 тонна абӷанҷ. Иара ыҵырхуеит Ԥшьаԥ ақыҭаҿ. Аҟазауаа ражәақәа рыла абӷанҷ аҭира Аԥсны аекологиазы ԥырхага амам.

Адгур Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арӡынба: абӷанҷ Урыстәылаҟа ашьҭра аиҭахацыркра ҳара ҳзы кыр зҵазкуа хҭысуп

"Аекологцәа ахылаԥшра ду ҟарҵоит. Дара ражәақәа рыла Аԥсназы иԥырхаганы иҟам миллион тоннак рҟынӡа абӷанҷ аҵхра", — иҳәеит Берзениа.

Аԥсни Ҟрыми рекономикатә усеицура абиуџьет анырра бзиа анаҭоит ҳәа иазырыԥхьаӡоит аекономика аминистрраҿы.

"Ҵыԥхтәи афорум аҿы Аԥсныи Урыстәылеи абизнесуаа аиқәшаҳаҭра рнап аҵарыҩит абӷанҷ Урыстәылаҟа агаразы. Актәи аӷба шьҭуп, агәыӷра ҳамоуп ашықәс иалагӡаны 200 тонна аидара Ҟрымҟа иҳашьҭып ҳәа. Ари аҭыԥантәи аусдкылаҩцәа рзы хра злоу хҭысуп, абиуџьет азгьы цхыраагӡа дуухоит", — ҳәа азгәеиҭоит Берзениа.

Аԥснынтәи аинерттә материалқәа Урыстәылатәи Афедерациахь рынашьҭра алыршоуп Аҟәа ақалақь аҿы, 2017 шықәса жьҭаара 27 рзы имҩаԥысыз VIII Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аҿы рнапы зҵарҩыз аиқәышаҳаҭрақәа инарықәыршәаны.

© Sputnik / Томас ТхайцукПогрузка инертных на грузовой корабль для транспортировки груза из Сухумского порта в Крым
Погрузка инертных на грузовой корабль для транспортировки груза из Сухумского порта в Крым - Sputnik Аҧсны
Погрузка инертных на грузовой корабль для транспортировки груза из Сухумского порта в Крым
Ажәабжьқәа зегьы
0