Афонд "Азҳара" аҟнытә 180 ҭаацәара ацхыраара роуит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУничтожение старых банкнот в Банке России
Уничтожение старых банкнот в Банке России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Азҳара" 2017 шықәса ажьырныҳәа 1 аахыс ахшара рацәа змоу Аԥсны аԥсуа ҭаацәарақәа ацхыраара рнаҭоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik. 2018 шықәса актәи ашықәсбжа иалагӡаны икоммерциатәым агәыҳалалратә фонд "Азҳара" 100-100 нызқьмааҭ рзашәеит ахԥатәии инеиҳани ахәыҷқәа ахьиз аҭаацәарақәа. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭалҳәеит афонд ахаҭарнак Луиза Ҭарԥҳа.

Афонд анышьаҭадыркуаз иазыԥхьагәаҭан зныктәи ацхыраараҟаҵара адагьы есымза 3-3 нызқьмааҭ аԥара аҭаацәарақәа рызшәара, аха аҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны уи мап ацәктәхеит.

"Афонд абиуџьет алшарақәа маҷхеит асеиԥш акциа амҩаԥгаразы. 2017 шықәса цәыббрамзазы ҳара абри ахырхарҭа аанаҳкылар акәхеит", — ҳәа еиҭалҳәоит афонд ахаҭарнак.

Аҳәынҭқарра инаваргыланы "Азҳара" аԥаразоужьра арҭоит акоммерциатә еиҿкаарақәа, анаплакыҩцәа.

"Еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рахь аҳәара ҟаҳҵоит. Ҳәарада аҳәынҭқарра ацхыраара ҳнаҭоит, аха атәылаҿ иҟоу аекономикатә ҭагылазаашьала иалшо маҷуп. Агәыҳалалра – уи хатәгәаԥхароуп", — лҳәоит Ҭарԥҳа.

Аматериалтә цхыраара аиуразы икритери хаданы иҟалаз амилаҭроуп. Аматериалтә цхыраара роуеит аԥсуа ҭаацәарақәа, ахәыҷы дахьиз иахьмырԥшыкәа. Иара аиура афонд аматериалтә ҭагылазаашьа иаҿыԥшуеит.

"Ихадароу афонд абиуџьет шхаҭәаауоуп. Иҟалалоит ҩба-хԥа мзы аԥшра анрықәшәо", — ҳәа лҳәоит лара.

Агәыҳалалратә фонд "Азҳара" 2017 шықәса ажьырныҳәа 1 аахыс ахшара рацәа змоу Аԥсны аԥсуа ҭаацәарақәа ацхыраара рнаҭоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0