"Ахархәаратә калаҷкәыр" ахь иаҵанакуеит зыда ԥсыхәа ыҟам 35 аалыҵ

© Sputnik / Томас ТхайцукПродуктовая корзина.
Продуктовая корзина. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
6 727 мааҭ рҟынтәи афатә иагоит 4 589 мааҭ, еиуеиԥшым абзазаратә тауарқәа – 1315 мааҭ, еиуеиԥшым ашәарақәа – 805 мааҭ.

АҞӘА, ԥхынгәы 20 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҳәынҭсатистика Аусбарҭа ахантәаҩы Кама Гогьиаԥҳа Аԥсны "ахархәаратә калаҷкәыр" шеиҿыркаауа лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны аҳәынҭсатистика Аусбарҭа ахантәаҩы Кама Гогьиаԥҳа.

"Илаҟәӡоу ахархәаратә калаҷкәыр" ҳәа ҳзышьҭоу аҭахрақәа рахь иаҵаҳаркуеит зыда ԥсыхәа ыҟам 35 аалыҵ: ача, ачашыла, азеҭ, акәац, ашьаҳариа у.у.е. арҭ аалыҵқәа рыхәԥса шамахамзар иаалырҟьаны ишьҭыҵӡом. Дара рыхкқәак рыхәԥса анкаҳауагьы ыҟоуп", — лҳәоит лара.

Иара убри аан иҟоуп зыхә шьҭыҵуа аалыҵқәагьы.

"Иаҳҳәап аҳәажьы. 2017 шықәса рзы 338 мааҭ иаԥсан, 2018 шықәса рзы – 348 мааҭ. Иара убас рыхә шьҭыҵит акәтыжь, аԥсыӡ, ахш, акәтаӷь. Иҟоуп зыхә каҳаз. Иаҳҳәап 2017 шықәса рзы апатырџьан ахәԥса 124 мааҭ ыҟан, 2018 шықәса рзы– 112 мааҭ, ашьақар 64 мааҭ аҟынтәи 59 мааҭ рахь инеиит, акартош 43 мааҭ аҟынтәи 38 мааҭ рҟынӡа илаҟәит", — лҳәеит лара.

Ачахә акәзар аҽамԥсахит ҳәа лҳәоит Гогьиаԥҳа.

"Ачахә аҳәынҭқарра ишьақәнаргылоит азы аҽаԥсахуам", — лҳәоит Камма Гогьиаԥҳа. Астатистикаҿы ахархәара амоуп "иреиҵоу ахархәаратә калаҷкәыр". Уи иаанаго ауаҩытәыҩса зыда дхәарҭам, ахныҟәгара илзыршо реидкылоуп. Арахь иаҵанакуеит еиуеиԥшым егьырҭ атауарқәа, ашәахтәқәа, аизгақәа уҳәа егьырҭ ашәарақәагьы".

Афатә иагоит 68%, егьырҭ ахархәаратә тауарқәа – 19%, иаанхо 12% ргоит ашәахтәқәа, аизгақәа уҳәа егьырҭ ашәарақәа.

"2017 шықәса рзы бжьаратәла Ауаҩы ихы ныҟәигарц азы иазыԥхьаӡан 6,627 мааҭ, 2018 шықәса ажьырныҳәамзазы – 6,703 мааҭ, рашәарамзазы– 6,727 мааҭ", — ҳәа азгәалҭеит Гогьиаԥҳа.

6 727 мааҭ рҟынтәи афатә иагоит 4 589 мааҭ, еиуеиԥшым абзазаратә тауарқәа – 1315 мааҭ, еиуеиԥшым ашәарақәа – 805 мааҭ ҳәа азгәалҭоит Гогьиаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0