Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара амч ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аҵак ду амоуп

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМинистерство иностранных дел России
Министерство иностранных дел России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2008 шықәса рзы Аахыҵ Уаԥстәыла аҭыԥ змаз ахҭысқәа иаадырԥшуеит иарбанызаалак амч ахархәара шыхшыҩдароу ҳәа азгәарҭеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.

АҞӘА, нанҳәа 8 — Sputnik. Қырҭтәылеи Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аҵак ду аманы ишыҟоу иахцәажәеит аминистрраҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Урыстәыла ахаангьы аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит арҭ аҳәынҭқаррақәа рыбжьара адиалог аҭыԥ амазарц. Қырҭтәылеи Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аҵак ду аманы ишыҟоу зегьы еицырдыруеит", — ҳәа аҳәоит аминистрра асаит адырраҭараҿы.

Нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Урыстәыла иазханаҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра. Урыстәыла ашьҭахь Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵеит: Никарагуа, Венесуела, Науру, Тувалу, Вануату, Шьамтәыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0