Пицунда имҩаԥысыз агәыҳалалратә концерт аихшьаалақәа ҟарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция о благотворительном концерте в Пицунде
Пресс-конференция о благотворительном концерте в Пицунде - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәсатәи V-тәи агәыҳалалратә концерт-цәыргақәҵа мҩаԥган Пицунда. Уи аихшьаалақәа ирылацәажәан Sputnik апресс-центр аҿы нанҳәа 15 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 15 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Пицунда имҩаԥысыз, афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа рзы аԥареизгаратә гәыҳалалратә концерт-цәыргақәҵаҿ еизган 260 нызқьмааҭ аԥара, аха макьанагьы аԥареизгара мҩаԥысуеит иҳәеит асоциал-культуратә ԥшьгарақәа рфонд ашьаҭаркыҩ Азамаҭ Багаҭелиа.

Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, нанҳәа 15 рзынӡа еизыргахьоу аԥара ҵыԥхтәи ашықәс иадукылозар, 100 нызқь мааҭ рыла еиҵоуп. Уи аиҳарак изыдҳәало апроект аспонсорцәа рекономикатә проблемақәа роуп.

"Уи аҽны ахҭыс иалахәыз реиԥш ҳара аус рыцаауеит еиуеиԥшым аиурист хаҿқәа, аиҳарак атуризм знапы алаку. Сынтәа атуристтә сезон ахьҽеимыз иахҟьаны алагалақәагьы маҷуп", — иҳәеит иара.

Амир Джагаев - Sputnik Аҧсны
Афонд "Ашана" ДЦП змоу ахәыҷқәа рзы аԥареизгара хацнаркит

Афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьал лажәақәа рыла, хәышықәса рыҩныҵҟа аконцерт-цәыргақәҵа еизнагаз аԥарақәа рзырхахеит быжьҩык ахәыҷ-чымазцәа. Сынтәа арҭ аԥарақәа лзырхахоит Мирослава Колбаиа.

Аоператә шәаҳәаҩы Нана Черқьезиа есышықәса лхы алалырхәуеит акциа.

"Асеиԥш иҟоу апроектқәа срыдгылаҩуп. Ибзиан аԥхынразы мацара акәымкәа имҩаԥысуазҭгьы. Аԥхын артистцәа рыграфик акыр иҭшәоуп, изҭаху зегь зымааит", — лҳәоит лара.

Агәыҳалалратә концерт ахатәы меценатцәагьы аанахәахьеит, убас урыстәылатәи аҭаацәара рыԥсшьара иара амҩаԥысра иақәдыршәоит.

"Дара еснагь џьара акы аархәоит. Сгәы иаанагоит уи узҿыԥшыша усуп ҳәа. Апроект атәыла аҳәаақәа ирҭысуеит" — лҳәеит "Ашана"адиректор.

Агәыҳалалратә хәылԥазы мҩаԥысуан аилахәыра "Аҟәафон" аспонсорреи амаҵзура Sputnik Аԥсны адгылареи рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0