Шәача итәоз аҳаирплан амца акит

© Екатерина Лызлова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАварийная посадка самолета авиакомпаниии Utair в Сочи
Аварийная посадка самолета авиакомпаниии Utair в Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
164-ҩык апассаџьырцәеи аекипаж алахәылацәа фҩыки аҳаирплан иҭыргеит, аҳаиртә мчра аорганқәеи Utair аусҭҵаара нападыркит.

АҞӘА, цәыббра 1 — Sputnik. Шәача итәоз аҳаиртә еилахәыра Utair иатәыз аҳаирплан Boeing 737 амца акит. 164-ҩык апассаџьырцәеи аекипаж алахәылацәа фҩыки аҳаирплан иҭыргеит, аҳаиртә мчра аорганқәеи Utair аусҭҵаара нападыркит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Шәача итәоз аҳаиртә еилахәыра Utair иатәыз аҳаирплан Boeing 737 амца акит. 164-ҩык апассаџьырцәеи аекипаж алахәылацәа фҩыки аҳаирплан иҭыргеит, аҳаиртә мчра аорганқәеи Utair аусҭҵаара нападыркит", — иҳәеит амаҵзура ахаҭарнак.

Аҳаирплан Москвантәи иааит. Иантәоз ааигәа ииасуа аӡышьҭра иҭаҳаит, ашассии амҵәыжәҩеи амҟьеит ҳәа азгәарҭоит Utair аҿы.

АҶА ахь ахҭыс азы аинформациа неиит асааҭ 02:59 рзы. Асааҭ 03:25 рзы амца арцәара алыршахеит.

Шәчатәи аҳаиртә баӷәаза апресс-маҵзура адыррала аусзуҩцәа аӡәы иԥсҭазаара далҵит ауснагӡатәқәа рымҩаԥгараан. Уи агәыхь иахҟьеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0