Аԥсны имҩаԥысит ансамбль "Ингушетия" аконцерт

© Sputnik / Илона ХварцкияКонцерт творческих коллективов Ингушетии в Абхазской государственной филармонии
Концерт творческих коллективов Ингушетии в Абхазской государственной филармонии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә ансамбль "Ингушетия" аконцерт мҩаԥысит Ингәыштәыла амшқәа Аԥсны рымҩаԥысра аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Асмаҭ Ҵәыџьба, Sputnik

Аҳәынҭқарратә ансамбль "Ингушетия" аконцерт мҩаԥысит Ингәыштәыла амшқәа Аԥсны рымҩаԥысра аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ.

© Sputnik / Илона ХварцкияКонцерт творческих коллективов Ингушетии в Абхазской государственной филармонии
Концерт творческих коллективов Ингушетии в Абхазской государственной филармонии - Sputnik Аҧсны
Концерт творческих коллективов Ингушетии в Абхазской государственной филармонии

Аконцерт иалагеит Ингәыштәыла аҭоурых аӡыргарала. Афилармониа аекран ду ала ахәаԥшцәа идырбан ареспублика аҭоурых, атрадициақәа, ақәҿиарақәа. Уи ашьҭахь акәашара "Ашьха ашьыжьшара" захьӡу акәашара нанагӡеит Аҳәынҭқарратә ансамбль "Ингушетия".

Амилаҭтә орнамент ала зыҵкы шкәакәақәа хырҷаз аҭыԥҳацәеи акәымжәы еиқәаҵәақәа рыла еибыҭаз арԥарацәеи рыкәашарала иаадырԥшуан амилаҭтә ҟазшьа. Арахь иааиит аконцерт ахәаԥшразы аԥснытәи ансамбльқәа рыкәашацәагьы. Урҭ иаразнакы иазгәарҭеит аҟазара ҳаракы.

© Sputnik / Илона ХварцкияКонцерт творческих коллективов Ингушетии в Абхазской государственной филармонии
Концерт творческих коллективов Ингушетии в Абхазской государственной филармонии - Sputnik Аҧсны
Концерт творческих коллективов Ингушетии в Абхазской государственной филармонии

"Ҳакәашарақәа еиԥшӡам. Рыҟазшьақәа ҷыдоуп", — иҳәеит ахәаԥшцәа руаӡәк.

Акәашара ашьҭахь ашәала ажәлар рҭоурых аадырԥшит ансамбль ашәаҳәаҩцәа. Урҭ руаӡәк, Белла Базоркина Азамаҭ иашәа аԥсышәала иналыгӡеит. Азал акраамҭа рнапы лзеинырҟьон.

Аҩбатәи акәашара– гәлеҭтәи аингәышцәа рыкәашара акәзар актәи зынӡа еиԥшымызт. Иахәаԥшуаз ракәзар ҳакәашарақәа иреиԥшныршьалеит аццакрала, аласрала.

Ахәылԥаз аҟны зегь раасҭа игәакьан ирыдыркылеит Кавказ ажәларқәа еицырзеиԥшуп ҳәа ззуҳәаша аҭыԥҳа леимакра кәашара. Аҟамеилышьра ацыԥхьқәа асцена иқәрыԥсон. Аԥсыҭбара аҟалара ааннакылеит аҭыԥҳа лкасыш.

© Sputnik / Илона ХварцкияКонцерт творческих коллективов Ингушетии в Абхазской государственной филармонии
Концерт творческих коллективов Ингушетии в Абхазской государственной филармонии - Sputnik Аҧсны
Концерт творческих коллективов Ингушетии в Абхазской государственной филармонии

"Ажәытә аҭыԥҳацәа акасыш рықәдыршәуан. Уи лхылхуазар улаԥш лҟәугар акәын" ҳәа еиҭеиҳәоит ансамбль асолист Ислам Досхоев.

Аконцерт хыркәшахеит аингәыш лезгинка ала. Ахәаԥшцәа ршьапы иқәгыланы рнапы еинырҟьон.

"Аконцерт даара исгәаԥхеит. Ҳара ҳашьцәа жәларқәа рҭоурых, ркультура аадыруазароуп", — лҳәоит ахәаԥшыҩҩцәа руаӡәк.

Аколлектив Аҟәа аконцерт мҩаԥганы амҩа иқәлеит иахьырзыԥшыз Очамчыраҟа.

© Sputnik / Илона ХварцкияКонцерт творческих коллективов Ингушетии в Абхазской государственной филармонии
Концерт творческих коллективов Ингушетии в Абхазской государственной филармонии - Sputnik Аҧсны
Концерт творческих коллективов Ингушетии в Абхазской государственной филармонии
Ажәабжьқәа зегьы
0