Арӡынба имемориал ахь уназго амҩа аремонт мчыбжьык ашьҭахь ихыркәшахоит

© Sputnik / Авидзба Бадрак Укладка нового асфальта на улице Адлейба в Сухуме
Укладка нового асфальта на улице Адлейба в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩымчыбжьа раԥхьа иалагеит Адлеиба имҩа аремонт азура. Амҩа ахышәа-ҵышәа 8 километрак иҟоуп.

АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Владислав Арӡынба Имемориал ахь уназго, Адлеиба ихьӡ зху амҩа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит мчыбжьык анаҩс аҳауатә ҭагылазаашьақәа иаҳнаҭыр, ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу анеиҭоз ДСК "Гудаута" апрораб Батал Аргәын.

Мемориал первого Президента Абхазии В.Г.Ардзинба. - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба ибаҟахьы уназго амҩа ҟарҵоит

"Иахьазы 6 километрак рҟынӡа акаҭран ықәаҳҵахьеит. Аусурақәа ианаамҭоу рхыркәшаразы иахәҭаны иҟоу атехникала ҳаиқәшәоуп", — иҳәеит иара.

Апрораб иажәақәа рыла амҩа еиҟаратәны акаҭран ықәырҵоит.

"Акаҭран аҿыгҳара 5 сантиметрак иҟоуп, амҩа аҭбаара 12 — 14 метра инаӡоит", — иҳәеит Батал Аргәын.

Мышкы ахы-аҵыхәала аусуцәа 700 — 800 тонна акаҭран ықәырҵоит.

Адлеиба имҩа аремонт азуразы аӡбра рыдкылан Аминистрцәа Реилазаараҿы ԥхынгәы 26 2018 шықәса рзы. Амҩа аура 8 километрак иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0