Аӡиа Риҵа ахықәан имҩаԥган "Арифмақәа- Риҵа" захьӡу алитературатә хәылԥазы

© Фото : Сусанна ҬаниаԥҳаАӡиа Риҵа ахықәан имҩаԥган "Арифмақәа Риҵа" захьӡу алитературатә хәылԥазы
Аӡиа Риҵа ахықәан имҩаԥган Арифмақәа Риҵа захьӡу алитературатә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡатәи аԥсуа-адыга литературатә фестиваль "Арифмақәа — Риҵа" мҩаԥысуеит цәыббрамза 17 инаркны 19-нӡа. Цәыббрамза 18 рзы алитература аҭҵааҩцәеи арҿиаҩцәеи аӡиа Риҵа аҟны еиқәшәеит.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсны аҭыԥ ԥшӡаррақәа инарылукаауа, ашьхақәа ршьапаны ишьҭоу аӡиа иаҵәа Риҵа ахықәан "Арифмақәа Риҵа" захьӡу афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны ажәеи ашәеи ықәыҩуан, имҩаԥган аԥсуа – адыга литературатә хәылԥазы.

Ари ахәылԥаз еицырдыруа Ҟабарда – Балҟариа жәлар рышәҟәыҩҩы, апоет Заур Налоев 90 шықәса ихыҵра азгәаҭара иадҳәалан. Ахәылԥаз еиднакылеит аҵарауаа, апоетцәа хатәрақәа, аԥсуааи аҟабардааи рпоетцәа ҿарацәа, алитература иазҿлымҳау аԥхьаҩцәа.

Первый абхазо-адыгский литературный фестиваль - Sputnik Аҧсны
Раԥхьаӡа акәны аԥсуа-адыга литературатә фестиваль Аԥсны имҩаԥысуеит

Хаҭала Ҟабарда – Балҟариантәи Заур Налоев 90 шықәса ихыҵра иазкыз ахәылԥаз рхы аладырхәырц иааит: Астемири Жаннеи Шебзуховаа, Џьамал Теунов, Инна Кажарова, Марина Битокова.

ГИТИС иаушьҭымҭоу ашәаҳәаҩ қәыԥш Џьамал Теунов раԥхьаӡа акәны Аԥсны даҭааит, аха ари атәыла гәыла – ԥсыла дадҳәалан, избанзар ианшьа Арсен Ефендиев Аԥсны ахақәиҭра ихы ақәиҵеит, ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедаль.

Марина Битокова – афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, агазеҭ "Горианка" акорреспондент, изныкымкәа Аԥсны даҭаахьеит аҩызцәеи ақәлацәеи лырҳахьеит. Марина ланшьцәа Владимири Олеги Афауноваа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәын.

Инна Кажарова – алитератураҭҵааҩы, адыга шәҟәыҩҩцәа рлитература аҭҵаара анапы лнапы алакуп. Астемир Шебзухов – ажурналист, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз хатә гәаԥхарала еибашьуаз адыгаа рҭоурых ҭиҵаауеит. Уи иԥшәма Жанна Шебзухова – адыга милаҭтә маҭәа аӡахышьа дазҿлымҳауп, аххьа рахәыцла дӡахуеит, дықәҵоит.

Афестиваль "Арифмақәа Риҵа" аиҿкааҩ апоет, адраматург Зарина Ҟаныҟәа иазгәалҭеит, ари афестиваль традициахоит ҳәа.

"Ҟабарда – Балҟариа еиуеиԥшым аҭыԥ ԥшӡаррақәа рҟны ажәеинраалақәа раԥхьара мҩаԥаҳгоижьҭеи акрааҵуеит, уи уажәшьҭа итрадициоуп. Уажәы Заур Налоев 90 шықәса ихыҵра азгәаҳҭарц азаҳԥхьаӡеи Аԥсны Риҵа ахықәаҿ, избанзар, зымш иира азгәаҳҭо автор иԥсы аҽҳәаран Аԥсны, аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи иареи аимадара рыбжьан".

Ахәылԥаз аҿы апоетцәа ҿарацәа Заур Налоев иажәеинраалақәа ирыԥхьеит ҟабарда бызшәалеи аԥсышәалеи, Џьамал Теунови Джын Чуреи аҟабарда жәлар рашәақәеи рмотивқәеи нарыгӡеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0