Кавказ иҟоу Росгвардиа акомандаҟаҵаҩ: ашықәс иҭагӡаны 47-ҩык абоевикцәа ҭаҳархеит

© Sputnik / Антон Вергун / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчения отряда СОБР управления Росгвардии по Белгородской области
Учения отряда СОБР управления Росгвардии по Белгородской области - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амилаҭтә гвардиа Аҩада-Кавказтәи ар рокруг акомандаҟаҵаҩ Сергеи Корниушкин аусбарҭа аусура далацәажәеит.

АҞӘА, цәыббра 21— Sputnik. Аҩадатәи Кавказ иахьаҵанакуа ашықәс иҭагӡаны 47-ҩык абоевикцәеи урҭ рыцхырааҩцәеи ҭаҳархеит иҳәеит Амилаҭтә гвардиа Аҩада-Кавказтәи ар рокруг акомандаҟаҵаҩ Сергеи Корниушкин аусбарҭа аусура далацәажәо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"2018 шықәса актәи азыбжазы Амилаҭтә гвардиа ар алархәны Аҩадатәи Кавказ иахьаҵанакуа 47-ҩык атеррористә гәыԥқәа рлахәылацәеи урҭ рыцхырааҩцәеи ҭаҳархеит", — ҳәа еиҭеиҳәеит Амилаҭтә гвардиа Аҩада-Кавказтәи ар рокруг акомандаҟаҵаҩ Сергеи Корниушкин Амилаҭтә гвардиа Аҩада-Кавказтәи ар рокруг аԥҵара аныҳәамш аан.

Корниушкин иазгәеиҭеит аусбарҭа аусзуҩцәеи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи иалдыршеит абџьарҵәахырҭақәа 120 рыԥшаара.

"Иԥшаауп 48 гранатаршәга, 13 рԥжәага, 300 мина, 50 кьыла иԥжәо амаҭәашьарқәа, 80 нызқь патрон", — иҳәеит Корниушкин.

Ажәабжьқәа зегьы
0