Аҧсуа ҭаацәа рҿырҧшы: Џьгьарда ақыҭан инхо Ашәаа рҭаацәара ирызкны

Геннади Ашәбеи Ирина Ломиаҧҳаи рхәыҷқәа
Геннади Ашәбеи Ирина Ломиаҧҳаи рхәыҷқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсуа қыҭақәа, аҧсуара агәеисыбжь ахьго, аҧсуа бызшәа ашьҭыбжь еицамкрада иахьуаҳауа. Аҧсуа иашҭа ҭбаа, исасдкылара, иаҧшәмара аныҟәгара, ҿыцәаара зқәым ихәышҭаарамца абиҧарақәа имырӡзакәа ирымаздо. Абарҭқәа зегьы аҧсуа қыҭақәа рҿы.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Сара лассы-лассы сқыҭа гәакьахь Џьгьардаҟа ацара бзиа избоит аҧсшьарамшқәа раан. Бзиа збоит гәаартыла ақыҭанхаҩы иацәажәара, аҭоурых иаҿахәҳәагоу зажәа ҟәыӷоу абыргцәа рзыӡырҩра, ахшара рацәа зааӡо аҧсуа ҭаацәарақәа рҭаара.

Молодожены - Sputnik Аҧсны
Ажәа еимырдон: аԥсуаа рҿы аҭаацәара аԥҵара атрадициақәа

Имаҷҩым Џьгьарда ақыҭан инхо аҧсуа ҭаацәарақәа ахшара рацәа ахьрызҳауа. Уажәааигәа сара сырҭааит хҩык ахәыҷқәа ахьеизҳауа, аҧсуа бызшәа аҳра ахьауа, уи ала иахьцәажәо аҭаацәара. Ааи, Геннади Ашәбеи Ирина Ломиаҧҳаи рхәыҷқәа рызегьы урмеигәырӷьарц залшом. Рыҧшра-рсахьеиҧш, иҧшӡоуп гәадурала излацәажәо рхатәы бызшәа-аҧсшәа. Аишьцәа Баграти Саграти, Џьгьардатәи абжьаратә школ ахь иныҟәоит. Баграт аҩбатәи акласс аҿы дтәоуп, ирҵаҩы Белла Ҵәыџьҧҳа лҵаҩцәа аҵарааӡара агьама дыркуа, дрыхӡыӡаауа нап рыдкыланы илымоуп. Саграт аҽазыҟаҵаратә класс ахь дныҟәоит, уи рҵаҩыс димоуп ззаанаҭи зҵаҩцәеи ҧсҭазаарас измоу Милана Агәхааҧҳа. Баграти Саграти раҳәшьа хәыҷы Сати, хәышықәса лхыҵуеит, аха лашьцәа ирҵахьоу, изхысхьоу зегьы ларгьы илдыруеит. Акыр ухнахуеит аҧсышәала лажәеинраалаҳәашьа, асахьаҭыхра даара бзиа илбоит, анбанқәа зегьы рҩышьа лдыруеит. Ахәыҷқәа ран Ирина Ломиаҧҳа, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы изанааҭ далгеит. Шықәсқәак раахыс аус луеит Џьгьардатәи абжьаратә школ аҽазыҟаҵаратә классқәа рҿы. Лара излалҳәо ала, дхәыҷаахыс ақыҭа бзиа илбон, аҧхьаҟатәи лыҧсҭазаарагьы уи иадылҳәалеит.

"Хымҧада, ақыҭаҿы анхара аџьабаа ду ацуп. Аха, аҭаацәараҿы уҳәоу еиқәшәаны аус напы анауркы, уззымиааиуа ҳәа акагьы ыҟаӡам. Зегь раҧхьа иргыланы умаашьароуп. Аҭаацәара амҩа иаша ранылараҟны аҧҳәыс илылшо акырӡа ирацәоуп", — лгәаанагара ҳацеиҩылшеит Ирина.

Ииашаҵәҟьаны, зыӡбахә ҳамоу Ашәаа рҭаацәа, жәытәаахыс аҧсуа ҵасла инхоз- инҵуаз ракәын, уи иахьа еихаҳауа иааргоит еиҵагылаз абиҧара.

"Ахәыҷқәа дара-дара еихылаҧшуеит, аҩнтәи аусқәа рҿы ирылшо ахәыҷала исыцхраауеит. Раби сареи ҳажәа иахыҧаӡом. Сара, анацәа зегьы реиҧш исҭахуп схәыҷқәа раҧхьаҟа ауаҩра рылҵырц, аҵара бзианы ирҵарц", — дҳацәажәон хҩык ахшара ран.

Ирина излалҳәо ала, аӡынаамҭа иазыҟаҵоуп. Рымҿы-рымца еиқәыршәоуп, рыӡынхәы ырмазеины иҧхьакуп, ишырҳәо еиҧш, рашҭа иҭалаз асас ицәыҧхамшьакуа идкылара иазыхиоуп. Ирина дцәажәонаҵы, ииашаҵәҟьаны исгәалашәон ақыҭараҿы исхызгаз зеиӷьыҟамыз схәыҷрашықәсқәа. Шаҟа ҧхаррала, шаҟа гәыбылрала иҭәыз уи аамҭа!

"Санхәа илҿысҵааз акырӡа ирацәоуп. Сабхәа сихаанӡам. Аҧсыуа ҭаацәак рхы шныҟәырго еиҧш ҳхы ныҟәаҳгоит. Сызланагалаз аҭаацәа зхатә џьабаала акрыуны акрызфо уаауп. Саргьы уи иацысҵарц сҭахуп. Аҧсуа қыҭа бзиа иубар, уаргьы уааӡоит. Аҿиара аныҟала, аҧсуарагьы ыӡуам, аҧсшәагьы еиқәхоит", — лҳәеит Ирина Ломиаҧҳа.

Хҩык ахшара ран аҩнтәи лусқәа лҽырхаршәаланы лхәыҷқәа нап рыдкыланы дрыцуп. Акәашара зцааиуа акуашарахь илгоит, асахьаҭыхра бзиа избо асахьаҭыхрахь.

"Бзиа избоит ашҭа-гәара зегьы шәҭышха ианыҟоу, иара убас аҩнтәи ашәҭқәа. Иҟоуп ахәыҷқәа реиҧш бзиа ибаны санрацәажәо, егьсыцааиуеит", — лҳәеит Ирина.

Абасала, Баграти, Саграти, Сати ирызҳауеит аҧсуа қыҭаҿы, аҧсуара аҧсы ахьҭо, уи аҧҟарақәа иахьрықәныҟәо, аҧхьаҟагьы ахааназы ҧсра-ӡра ахьақәым. Аҧсуа ҭаацәа рҿырҧшы бзиа, нас дарбан иамеигәырӷьара?!

Ажәабжьқәа зегьы
0