"Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәа рҿы аибашьреи аҭынчреи" рцәыргақәҵа аатит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка "Война и мир в творчестве абхазских художников"
Выставка Война и мир в творчестве абхазских художников - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵа "Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәа рҿы аибашьреи аҭынчреи" еиднакылеит 85 усумҭа.

АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахаша, цәыббра 26 рзы Ацәыргақәҵатә зал аҿы иаатит ацәыргақәҵа "Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәа рҿы аибашьреи аҭынчреи" ҳәа ҳьӡыс изауз.

Акультуреи аҭоурых-культуратә баҟақәа рыхьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа еизаз аԥсшәа раҳәо иазгәалҭеит сынтәа ацәыргақәҵа шазку аибашьраҿ иҭахаз асахьаҭыхыҩцәа ргәалашәара.

Спектакль Третий день войны Абхазского государственного Молодежного театра - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ахақәиҭра амшаз "Аибашьра ахԥатәи амш" хәыда-ԥсада идырбахоит

"Сынтәатәи ацәыргақәҵа азкуп аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз асахьаҭыхыҩцәа ргәалашәара лаша. Асахьа ҭызхуазгьы амузыка азырҳәозгьы иаалырҟьаны аԥсадгьыл иахьчаҩцәахеит. Иахьатәи ацәыргақәҵа ихацнаркит абри атема ԥхьаҟагьы аҿиара аиура", — лҳәеит лара.

Ацәыргақәҵа "Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәа рҿы "аибашьреи" "аҭынчреи" еиднакылеит 85 рҟынӡа усумҭа.

"Асахьаҭыхыҩцәеи аскульпторцәеи русумҭақәа рыла иалдыршеит усҟантәи аамҭа атмосфера аарԥшра. Ари акрызҵазкуа усуп. Иџьабаауп. Дарбанызаалак аибашьраан имҩаԥысуаз еилызкаарц зҭаху ирылшоит ацәыргақәҵаҿ иааины уи аамҭа ҭырҵаарц", — иҳәеит атәыла ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа.

Асолдаҭ иан лбиуст ҟазҵоз аԥсуа скульптор Марина Ешԥҳа модельс дылзыҟалеит "Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы" аиҿкаара ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа.

"Аибашьра ашьҭахь, 1995 шықәса рзы Марина Аҭынчра апроспект аҿы дысԥылеит. Усҟан ашәы сшәын. Ҳаицәажәеит. Ҳаидҵәыуалеит. Нас мчыла лыстудиахь сналгеит. Ссахьа ҭылхырц. Скасы схысхырц дсыҳәеит аха усҟан уи сылымшеит. Ус дсацәажәон, сыҷкәын итәы дазҵаауан, аусгьы луан. Хымш роума сныҟәон лара лахь. 1996 шықәса рзы сара Аԥсны анацәа рахь ааԥхьара ҟасҵеит ршәыкасқәа рхырхырц. Изуз Марина ллагалагь алан. Лара лоуп еиҳаракгьы агәра сзыргаз аԥсуа анацәа рфырԥҳәысра ашәныҟәгара ишадҳәалам", — ҳәа еиҭалҳәоит Гәыли.

Аԥсуа сахьаҭыхыҩ Руслан Габлиа иазгәеиҭеит ацәыргақәҵаҿ исахьақәа шыҟоугьы иара изы зыхә ҳаракны иибо Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа ибиуст шакәу.

"Ари раԥхьатәи скульптуроуп сара сзы. Мушьни Хәарцкьиа иакәзар аиааира дахаҿны сихәаԥшуеит. Ҩышықәса рҟынӡа аус адызулон абиуст. Акыр исзымариамызт ихаҭара аҳаракыра аарԥшра", — ҳәа иҳәоит Габлиа.

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка "Война и мир в творчестве абхазских художников"
Выставка Война и мир в творчестве абхазских художников - Sputnik Аҧсны
1/3
Выставка "Война и мир в творчестве абхазских художников"
© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка "Война и мир в творчестве абхазских художников"
Выставка Война и мир в творчестве абхазских художников - Sputnik Аҧсны
2/3

3/3

Ацәыргақәҵа "Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәа рҿы аибашьреи аҭынчреи" еиднакылеит 85 рҟынӡа усумҭа. Иаартуп жьҭаара 10 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0