Урыстәыла аҵәахырҭатә банкқәа рҟны рҭааҩцәа рбиометриатә дыррақәа еизырго иалагеит

© Sputnik / Руслан Кривобок / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЦентральный банк России вводит запрет на деятельность пунктов обмена валюты. Архивное фото.
Центральный банк России вводит запрет на деятельность пунктов обмена валюты. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны урыстәылатәи абанкқәа рҟны рҭааҩцәа рбиометриатә дыррақәа еизырго иалагеит. Ԥхьаҟагьы атехникатә лшарақәа шааҟалалак абанкқәа зегьы абри аформахь ииасуеит.

АҞӘА, жьҭаара 5— Sputnik. Аҵәахырҭатә банк ихацнаркит абиометриатә материал аизгара. Аклиентцәа ирымоуп алшара абанк аҟәшақәа рҟны абжьытә дыррақәа рыҭара ма аколл-центрқәа рҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аҵәахырҭатә банк Онлайн" аҿы аусура иалагеит абиометриатә дыррақәа аус рыдызуло афункционал. Иара иалнаршоит еиҳа ирласни шәарҭадарадеи аинырратә центр ахь аҭел уасны ухаҭара ашьақәырӷәӷәара", — ҳәа еиҭарҳәеит абанк амаҵзуҩцәа.

Аҵәахырҭатә банк ахаҭарнак иазгәеиҭеит абиометриатә материалтә технологиақәа рхархәара азакәан инақәыршәаны ишымҩаԥысуа.

Абанк аколл-центр аусзуҩ РИА Новости акорреспондент изеиҭеиҳәеит абиометриатә материал аус адуларазы ақәшаҳаҭра ашьҭахь абжьытә ҿырԥшы аҭаҩра алшоит аколл-центр абжьытә мениу IVR ахь аҭел уасны ма абанк аофисқәа руак уаҭааны ҳәа.

Урыстәыла атәылауаа рбиометриатә дыррақәа ҵәаххоит "Ростелеком" операторс иззыҟоу Иаку абиометриатә центр аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0