"Акьыбачымазара заанаҵы азыԥхьагәаҭара амчыбжь" аусура хацыркхоит Аҟәа

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие цифровой лаборатории для диагностики рака
Открытие цифровой лаборатории для диагностики рака - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акциа "Акьыбачымазара заанаҵы азыԥхьагәаҭара амчыбжь" мҩаԥысуеит Аҟәа, мжьҭаара 15-19 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 10 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. "Акьыбачымазара заанаҵы азыԥхьагәаҭара амчыбжь" захьӡу акциа мҩаԥыргоит жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу аҳақьымцәа. Акциа мҩаԥысуеит Аҟәа, мжьҭаара 15-19 рзы, Аԥсны Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр аҟны (Аубыхқәа рымҩа №4).

Агәыҳәԥы акьыба - Sputnik Аҧсны
Агәыҳәԥы акьыба: идыртәузеи

250-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра агәаҭара иахысуеит абарҭ амшқәа рыҩныҵҟала ҳәа иҳәеит Аԥсны Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр чаҳақьым хада Лев Аргәын.

Адкылара мҩаԥыргоит аҳақьым-маммологцәа, лор-онколог, агинеколог, ауролог, агематолог, ацитолог, УЗИ аппарат аус адулаҩцәа. Иара убасгьы аҳақьымцәа рзы имҩаԥгахоит азеиԥш лекциақәа.

Аҳақьым хада иажәақәа рыла ауааԥсыра активла рхы аладырхәуеит имҩаԥысуа акциа. Аԥсны акциа мҩаԥысуеижьҭеи ҩынтәуп. Ишазыԥхьагәаҭо ала мышкы ахы аҵыхәала 30-50-ҩык ауаа агәаҭара иахыжьхоит.

"2017 ауаа рацәаҩны иҳадҵаалеит. 150-ҩык ауаа асиа рҽанырҵеит, иааиит 450-ҩык рҟынӡа ауаа. Сынтәа убри инадҳәаланы аамҭа иацаҳҵеит, хымш аҟынтәи хәымш рҟынӡа", — иҳәеит Аргәын.

Акциа мҩаԥысуеит акьыбачымазаразы аҳақьымцәа Евразиатәи рфедерациеи акьыбачымазара иаҿагылоу Евразиатәи афонди рнапхгарала, анаука-ҵаратә центр "Евразиатәи акьыбачымазаратә программа ЕАФО" адгыларала. Афонд ахаҭарнак Елона Турааԥҳа иазгәалҭеит акьыбачымазара азыԥхьагәаҭара аҵак ду аманы ишыҟоу.

Пресс конференция ко дню борьбы с раковыми заболеваниями - Sputnik Аҧсны
Есышықәса Аԥсны 500-ҩык акьыбачымазара змоу алԥшаахоит

"Акциа иаҳнаҭоит алшара ареспубликаҿы абри ачымазара аҭагылазаашьа зеиԥшроу абара. Ирацәаҩума ачымазара змоу мамзаргьы имаҷҩума", — лҳәеит лара.

Ҩышықәса рыҩныҵҟа имҩаԥысуа акциа иаанарԥшит алҵшәақәа.

"Ҵыԥх иаарԥшын ачымазара змаз ааҩык ауааԥсыра. Иҟаҵан аоперациақәа ԥшьба", — лҳәеит Турааԥҳа.

"Акьыбачымазара заанаҵы азыԥхьагәаҭара амчыбжь" захьӡу акциа мҩаԥыргоит жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу аҳақьымцәа. Акциа мҩаԥысуеит Аҟәа, жьҭаара 15-19 рзы, Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр аҟны (Аубыхқәа рымҩа №4).

Акциа еиҿыркааит акьыбачымазара аҳақьымцәа Евроазиатәи Рфедерациа, Анаука-ҭҵааратә центр "Евразиатәи акьыбачымазаратә программа", Аԥсны Амилаҭтә акьыбачымазаратә центр, ауаажәларратә фонд "Амшра" адгыларала. Аҽҭаҩразы аҭел асра ҟалоит ацентр аномер – 226-45-19 ала, жьҭаара 11 асааҭ 10:00 инаркны.

Инеиуа Аԥсны атәылауаҩшәҟәы рымазароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0