Лепехин IX Аԥсны-урыстәылатәи афорум азы: ипозитиву аиҿцәажәара ҳазыԥшуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВладимир Лепехин
Владимир Лепехин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
IX Аԥсны-урыстәылатәи афорум мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа, жьҭаара 12 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 10 – Sputnik. IX Аԥсны-урыстәылатәи афорум аламҭалазы ЕАЕС Аинститут адиректор Владимир Лепехин радио Sputnik аинтервиу анеиҭоз иҳәеит: ипозитиву аиҿцәажәара ҳазыԥшуп ҳәа.

"Сынтәа иҵуеит жәашықәса Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуижьҭеи", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Заур Шалашава - Sputnik Аҧсны
Арадио
Шьалашьаа еиҭеиҳәеит Аԥсны имҩаԥысран иҟоу аусуратә форум заҭаху

10 шықәса рыҩныҵҟа ирацәоуп Урыстәыла Аԥсны аҿиаразы иҟанаҵаз, аиҳаракгьы асоциалтә усхк аҟны иҳәеит иара.

"Аԥсны макьаназы аҳәаанырцәтәи аинвистициақәа рацәак издызымкыло ҵакыраны иаанхоит. Убри азы урҭ инарҭбааны ҳрылацәажәоит. Урыстәылатәи аган ирҭахуп ҳаицәажәара аартхарц", — иҳәеит Лепехин.

Жәашықәса рыҩныҵҟа Урыстәыла Аԥсны аекономикатә ҿиара иазнархеит 44 миллиард мааҭ иҳәеит Лепехин.

"2018 шықәсазтәи абиуџьет 64% урыстәылатәи аԥарақәа рыла ишьақәгылоуп. Ари иаанаго Урыстәыла Аԥсны аекономикатә ҭагылазаашьаҿ алагала дуқәа ҟанаҵоит ауп", — ҳәа азгәеиҭеит Владимир Лепехин.

Иара убасгьы аексперт иазгәеиҭеит 100% аԥснытәи атауарқәа урыстәылаҟауп иахьнеиуа ҳәа. Лепехин иажәақәа рыла афорум иатема хаданы иҟало Аԥсны адәныҟаекономикатә усуреи ахәаахәҭра аус аҟны аинырреи аинвистициа аус аҟны аинырреи роуп.

"Аекспертцәа рылкаақәа рыла Аԥсны иаԥҵам макьаназ аинвистициақәа адзыԥхьалаша аҭагылазаашьақәа. Иҟоуп имаҷымкәа зинтерес укыша аинвистициақәа: ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адулараз, асасааирҭақәа рыргылараз уҳәа реиԥш иҟақәоу", — иҳәоит иара.

Иара убри аан аинвесторцәа ацәшәоит аԥара алагалара иахәҭоу анормативтә база ахьыҟам азы ҳәа азгәеиҭоит Лепехин. Асеиԥш иҟоу ахәдықәҵарақәа рыҟамзаара Аԥсни Урыстәылеи рекономикатә усеицура аруадаҩуеит ҳәа ишьоит иара. Иара убри аамҭазы жәашықәса рыла иҟаҵоу хра аманы иҟам ҳәа узҳәом.

"130 рҟынӡа еиқәышаҳаҭра анапы рыҵаҩуп. Аекономика аусхк адагьы еиуеиԥшым аусхкқәа рганахь ала: арратә мчрақәа, ашәарҭадаратә мчрақәа, аинформациа аимдара уҳәа рганахь ала. Иҟаҵоу маҷӡам аха иҟаҳҵаша еиҳагьы еиҳауп", — иҳәеит Владимир Лепехин.

Аусутә форум аҟазшьала аиҿцәажәара аформат акыр хра аманы дахәаԥшуеит аексперт.

"Зегь раасҭа ихадоу арҭ аформатқәа раан еиуиеԥшым аиқәшаҳаҭрақәа анапы рыҵарыҩуеит. Уи аинырра бзиа иазҳәоуп", — иҳәеит иара.

Уаанӡатәи афорумқәа раан анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭрақәа еиуеиԥшымкәа аус руеит ҳәа азиԥхьаӡоит Владимир Лепехин.

"Иҟоуп еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа. Аԥсны азинтә культура ашьшьылаҳара иахҟьо рацәоуп", — ҳәа ахиҳәаауеит аҭагылазаашьа.

Ҿырԥштәны иааигоит ҩышықәса раԥхьа Урыстәыла Аԥсны иаднагалаз апроект – агәамсам аус еиҭадуларатә зауад аргылара.

"Урыстәылатәи аган иахәаҭз аусурақәа мҩаԥнагеит Аԥснытәи агна акәзар еилкаам амзызқәа ирыхҟьаны макьаназ еиҭаҵра ҟанаҵом", — ҳәа иҳәоит Владимир Лепехин.

Ус шакәугьы аексперт аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа аԥеиԥш ду рыманы дрыхәаԥшуеит.

IX Аԥсны-урыстәылатәи афорум мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа, жьҭаара 12 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0