Нодар Ҷанба: иҟалаз ахҭыс - провокациоуп

Анапаҵаҩра
Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы аспектакль "Махаз" ддырбараны иҟан жьҭаара 11 асааҭ 19:00 рзы, аха атеатр амина аҵоуп ҳәа адырра аныҟарҵа ашьтахь аспектакль арбара аамҭа еиҭакын.

АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь адырра ҟаҵан Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр амина аҵоуп ҳәа. Убри инамаданы аспектакль арбара аамҭа еиҭакын. Ахәаԥшыҩцәа, "Махаз" ахь абилеҭқәа аазхәахьаз, абилеҭқәа дырхынҳәыр алшоит жьҭара 12 инаркны атеатр акассахь — иҳәеит Аԥсуа драматә театр адиректор хада Нодар Ҷанба.

Сообщение о минировании здания Абхазского государственного драмтеатра имени Самсона Чанба поступило в МВД около 18:00 10 октября. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа драматә театр амина аҵоуп ҳәа адырра иҟаҵаз мцын

Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы аспектакль "Махаз" ддырбараны иҟан жьҭаара 11 асааҭ 19:00 рзы.

Нодар Ҷанба иажәақәа рыла, "Махаз" ахь абилеҭқәа аазхәахьаз, абилеҭқәа дырхынҳәыр алшоит жьҭара 12 инаркны атеатр акассахь, мамзаргьы жьҭаара 30 рзы, иара убри аспектакль ақәыргылараан рхы иадырхәар ауеит.

"Сара сгәаанагарала иҟалаз провакациоуп. Уажәы атеатр аҩныҵҟа ахьчаҩцәа рыда аӡәгьы дыҟам. Асеиԥшқәа Аԥсны адагьы адунеи егьырҭ атәылақәа рҿгьы иҟалалоит" — иҳәеит Ҷанба.

Жьҭаара 10 рзы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь адырра ҟаҵан Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр амина аҵоуп ҳәа.

Аҭыԥ ахь инеиит ААР, АҶА рмаҵзуҩцәа. Аԥшаарақәа рышьҭахь шәарҭара шыҟам шьақәдыргылеит.

Адрамтеатр иаакәыршаны, Лакобеи Пушкини рымҩақәа аркын. Ашәарҭадара аиҿкааразы амшын ԥшаҳәахьы анеирҭагьы аркын.

Акинологцәа адраматә театр агәаҭара ашьҭахь шәарҭара шыҟам рҳәеит.

Уажәшьҭа аҭел иасыз ишьақәыргыларазы аусҭҵаарақәа мҩаԥгахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0