"Акьыбачымазара заанаҵы азыԥхьагәаҭара амчыбжь" акциа иалахәын 315-ҩык

© Sputnik / Томас Тхайцук"Неделя ранней диагностики рака" в Национальном онкологическом центре Абхазии
Неделя ранней диагностики рака в Национальном онкологическом центре Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адкылара мҩаԥыргоит аҳақьым-маммологцәа, лор-онколог, агинеколог, ауролог, агематолог, ацитолог, УЗИ аппарат аус адулаҩцәа.

АҞӘА, жьҭаара 21 — Sputnik, Асмат Ҵәыџьԥҳа. "Акьыбачымазара заанаҵы азыԥхьагәаҭара амчыбжь" акциа мҩаԥысуан жьҭаара 15 инакрны 20-нӡа, арҭ амшқәа рзы агәаҭарақәа иахысит 315-ҩык Аԥсны атәылауаа, абри атәы иҳәеит Аԥсны Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр чаҳақьым хада Лев Аргәын.

Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла иалкаауп акьыбачымазара змоу быжь-ҩык ауааԥсыра.

Открытие цифровой лаборатории для диагностики рака - Sputnik Аҧсны
"Акьыбачымазара заанаҵы азыԥхьагәаҭара амчыбжь" аусура хацыркхоит Аҟәа

Адкылара мҩаԥыргоит аҳақьым-маммологцәа, лор-онколог, агинеколог, ауролог, агематолог, ацитолог, УЗИ аппарат аус адулаҩцәа. Аҳақьым хада иажәақәа рыла ауааԥсыра активла рхы аладырхәит акциа.

Аԥсны акциа мҩаԥысуеижьҭеи ҩынтәуп. Ишазыԥхьагәаҭо ала мышкы ахы аҵыхәала 30-50-ҩык ауаа агәаҭара иахыжьхоит.

Акциа мҩаԥысуеит акьыбачымазаразы аҳақьымцәа Евразиатәи рфедерациеи акьыбачымазара иаҿагылоу Евразиатәи афонди рнапхгарала, анаука-ҵаратә центр "Евразиатәи акьыбачымазаратә программа ЕАФО" адгыларала.

"Акциа иаҳнаҭоит алшара ареспубликаҿы абри ачымазара аҭагылазаашьа зеиԥшроу абара. Ирацәаҩума ачымазара змоу мамзаргьы имаҷҩума", — иҳәеит иара.

Ҩышықәса рыҩныҵҟа имҩаԥысуа акциа иаанарԥшит алҵшәақәа.

"Акьыбачымазара заанаҵы азыԥхьагәаҭара амчыбжь" захьӡу акциа мҩаԥырган жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу аҳақьымцәа. Акциа мҩаԥысуан Аҟәа, жьҭаара 15-20 рзы, Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр аҟны (Аубыхқәа рымҩа №4).

Ажәабжьқәа зегьы
0