"Аиааира Ахраҿа" атурнир аҿы Аԥсны еизгоу акоманда ахәмарыҩцәа аиааира ргеит

© SputnikФинал Международного турнира по мини-футболу "Кубок Победы"
Финал Международного турнира по мини-футболу Кубок Победы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл-маҷ азы Жәларбжьаратәи атурнир "Аиааира Ахраҿа" мҩаԥысуан зымаха-зышьаха аԥкра амоу аспортсменцәа рыбжьара Аҟәа, жьҭаара 16-22 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампыласыҩцәа ампутантцәа рыбжьара "Аиааира Ахраҿа" атурнир аҿы Аԥсны еизгоу акоманда ахәмарыҩцәа аиааира ргеит ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны абаҩырҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рафаель Амԥар.

"Ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит Грознитәи акоманда "Ламан аз", аҩбатәи аҭыԥ – Кемеровотәи акоманда, актәи аҭыԥ агеит Аԥснытәи акоманда", — иҳәеит иара.

Рафаель Амԥар иажәақәа рыла атурнир аиҩызаратә ҟазшьа бзиа аманы имҩаԥысит.

"Аҷкәынцәа еибадыруеижьҭеи акырҵуеит. Шамахамзар есышықәса имҩаԥысуеит атурнир. Аиааира згаз Аилак ахраҿақәеи амедалқәеи ранашьахеит", — иҳәеит иара.

Рафаель Амԥар ишиҳәаз ала аспортсменцәа ибзианы рхы аадырԥшит. Атурнир иалахәын иара убасгьы акоманда "Динамо" (Барнаул), акоманда "Ламан аз" (Грозныи).

© SputnikФинал Международного турнира по мини-футболу "Кубок Победы"
Финал Международного турнира по мини-футболу Кубок Победы - Sputnik Аҧсны
Финал Международного турнира по мини-футболу "Кубок Победы"

"Узбекистан акоманда аараны иҟан аха изымааит. Дара адунеи иачемпионхахьеит. Иаҳҭаз, Барнаул, Казань, Грозныи рҟынтәи акомандақәа акыр рыҩаӡара ҳаракуп аха аԥснытәи акоманда аԥыжәара агеит", — иҳәеит Рафаель Амԥар.

Ашьапылампыл-маҷ азы Жәларбжьаратәи атурнир "Аиааира Ахраҿа" мҩаԥысуан зымаха-зышьаха аԥкра амоу аспортсменцәа рыбжьара Аҟәа, жьҭаара 16-22 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0