Ҳашыг: агəаҕьра зцыз анҵамҭақəа адгылара риҭон Сергеи Кәыҵниа

© Фото : из личного архива Сергея КвицинияСергей Квициния
Сергей Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АССР акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, СССР ажурналистцәа реидгыла алахәыла Сергеи Кәыҵниа 92 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит. Сергеи Михаил-иҧа Кəыҵниа иџьабаа акыр ирацəоуп аҧсуа журналистика ашьақəгылара аус аҟны, ҳәа азгәарҭеит аус ицызуаз, еиҵаиааӡаз ажурналистцәа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Сергеи Михаил-иҧа Кəыҵниа иџьабаа акыр ирацəоуп аҧсуа журналистика ашьақəгылара аус аҟны. 1972шықəса инаркны 1992шықəсанӡа Сергеи Михаил-иҧа аус иуан агазеҭ "Аҧсны ҟаҧшь" аредактор хадас. Уаанӡа иара апартиа Аҧснытəи аобласттə комитет аҟны инструкторс дыҟан. Рхыҧхьаӡара рацəаҩуп иара еиҵаиааӡаз аҿар.

"Убарҭ рхыҧхьаӡараҿы сыҟоуп саргьы, Руслан Ҳашыг, Енвер Арџьениа. Ҳара, Москва иреиҳау аҵараиурҭа ҳалганы ҳаныгьежь, ҳаздызкылаз Сергеи Михаил-иҧа Кəыҵниа иоуп, 1988-89-тəи ашықəсқəа рзы. Уаанӡа Енвер Арџьениагьы, Руслан Ҳашыггьы аусура иалагахьан агазеҭ "Аҧсны Ҟаҧшь" аредақциаҿы. Ииашаҵəҟьаны, иара ихшаз ҳакəҵəҟьазшəа абас пату, ҳаҭыр ҳақəиҵон, ак ҳзымдыруазаргьы иҳаҵеиҳəон, ахааназы дҳацəҳаӡомызт. Ҳаргьы акагь ҳзымдыруа ҳаҟамызт, изхысҳəаауа, бзиа ҳаибон, пату ҳақəиҵон. Ҳара ҳамацара ҳакəӡамызт, аҟыбаҩ злаз, абаҩхатəра злаз, ҳаҧхьаҟа акрызлыҵып ҳəа иибоз зегьы убас дырзыҟан, избанзар иара аҧышəа ду иман, иҧышəа инарбон ауаҩы илҵуоу илымҵуоу ажурналистра", — абас дигәалаиршәоит ажурналист Даур Инаԥшьба

Ҳаҭырла ҳара еснагь ҳаизыҟан Сергеи Михаил-иҧа Кəыҵниа, даара пату иқəаҳҵон, иҳәоит иара. Аҵыхəтəантəи ашықəсқəа рзы иара дычмазҩын. Аҧсны Ажурналистцəа Реидгыла хантəаҩыс дыҟан. Џьара ателехəаҧшраҿы гхак ҟаҳҵама, ажəак иашамкəа иаҳҳəама, иахьакəымыз анбан ҳақəыҕəҕəама, абри зегьы ҳаҵеиҳəон, ҳәа ацыиҵеит иара.

Сергеи Михаил-иҧа Кəыҵниа ҩыџьа ахшара драбын. Иҷкəын заҵəы ауниверситет иалгахьаз, аибашьра ианалага раҧхьатəи амшқəа рзы иабџьар шьҭыхны аҕа дшиҿагылаз аҳҭны қалақь аҿы дҭахоит. Убри иара изы даара иааха ҕəҕəан. Сергеи Кәыҵниа иҷкəын изкны "Ауаз" захьӡу иажəеинраалоу апоема аҧиҵеит. Иазгəаҭатəуп, иара изныкымкəа Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс дшалырххьаз.

Аҧсны Ажурналистцəа Реидгыла ахантəаҩы Руслан Ҳашыг иҳәеит Сергеи Михаил-иҧеи иареи 1985 шықәса раахыс ишеибадыруаз. Агазеҭ "Аҧсны ҟаҧшь" аҟны аусура даналага инаркны. 2010 шықәса рзы иара хантəаҩыс дызмаз Аҧсны ажурналистцəа Реидгыла аусура аанижьаанӡа лассы-лассы еиқəшəон, еиуеиҧшым апроектқəа ирылацəажəон, ирыдигалон.

Фотовыставка Ибрагима Чкадуа и Владимира Попова посвященная десятилетию признания независимости - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа фотосахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа шәачатәи ажурналистцәа рфорум аҿы ицәыргоуп

"Сгəалашəараҿы иаанхаз ахҭысқəа рацəоуп. 1980-тəи ашықəсқəа рзы, Асовет аамҭа иаркы-ирцə ҳəа ианыҟаз, апартиатə система аидеологиа, уи аҳəаақəа, апартиа обком алахəылас дыҟан, редакторс даныҟаз иусура уи ақəҵарала иҳəаақəҵан. Апартиаҿ системаҿгьы аус иуан, иреиҳау апартиатə школ аҵара иман. Убри аҟынтə апартиатə журналистика зуҳəоз акакəны иҟан. 60-тəи, 70-тəи, 80-тəи ашықəсқəа рзы амилаҭтə қəҧара, уи иадҳəалаз ахҭысқəа, агазеҭи апартиа ОБКОМ инанангӡоз аполитикеи хымҧада еиқəшəаӡомызт, аиҿагылара ыҟан. Уи аредақциаҿы аус зуаз зегьы ирныҧшуан. Иахьатəи амш ала усҟантəи аҭагылазаашьа ахəшьара аҭара сылшом, иџьбаран, ус иҟан апартиатə дисциплина. Убри инаҷыданы, абызшəа, акультура, алитература, ақыҭанхамҩа, аекономика уҳəа, аҧсҭазаараҿы апроблемақəа змаз, иҟам-ианым аплан нарыгӡазшəа ахыҧхьаӡарақəа реизырҳара, абарҭ ацəырҵрақəа зегьы апартиа амчра аҿагылон. Убри даара ҕəҕəала дадгылон, ус еиҧш иҟаз аматериалқəа дрыдгылон", — иҳәеит Руслан Ҳашыг.

Даур Инаҧшьба, Енвер Арџьениа, Руслан Басариа, усҟан аредақциаҿы аус еицызуаз ҷыдала ахылаҧшра рзиуан, анапынҵа риҭон, лассы-лассы акьыҧхьымҭақəа агазеҭ ианылон, агəаҕьра зцыз анҵамҭақəа агазеҭ аҿы ицəырҵуа иалагеит. Усҟантəи аамҭазы уи акыр еихьӡаран.

"1990 шықәса жəабран мзазы, ҳахҩык Даур, Енвер, сара, аредақциа ааныжьны аҧсуа телехəаҧшрахьы аусура ҳаиасит. Уи даара игəы иалан Сергеи Михаил-иҧа, аҧхьаҟа дҳақəгəыҕуан аредақциаҿы аусуразы. Аха, аҭагылазаашьа ус иҟалеит, ателехəаҧшра иамаз алшарақəа рҿы ҳхы ҧаҳшəар ҳҭахын азы уахь усура ҳаиасит. Арыцҳара ду ихигеит, иҧазаҵə диҧхеит. Иара иҷкəын аредақциахь лассы-лассы днеилон, ҳара қəрала ҳаиҳабацəан, аха акыр даҳзааигəан. Иҷкəын иҭахара, Сергеи Михаил-иҧа изы даара ихьанҭан, иҧсҭазаара аҵыхəтəантəи амш аҟынӡа уи ицын", —  иҳәеит иара.

Аҧсны ажурналистцəа Реидгыла аганахь ала, иара зныкгьы алшара рыимҭеит иубилеитə шықəсқəа разгəаҭара, ирҿиара, иҧсҭазааратə мҩа аӡыргара.

Владимир Агрба - Sputnik Аҧсны
Владимир Агрба Анатоли Хьециа изкны: илахьынҵа ааигәан, аха игәыӷра харан

"Аҧсуа журналистика арҿиара хықəкы хадас иман, ииҩыз апоема "Ауаз" иҷкəын игəалашəара иазкны иҭижьыз ашəҟəы, авидеонҵамҭаҿгьы инхар иҭахын, Аҧсны Жəлар рартист Чынчор Џьениеи иареи акраамҭа аҩымҭа аус адырулон, нас актиор инагӡарала, "Абаза" ателехəаҧшраҿы ианаҳҵеит апоема. Ашəҟəы аҭыжьреиҧш, ателехəаҧшратə версиа аныҟаҳҵа, игəы ахьаа иацыз хəыҷык иҟəандахеит, агəалашəара иҵегьы изырҕəҕəоз акакəны дахəаҧшуан. Аибашьра ашьҭахь, аамҭа аныуадаҩыз, Аҧсны ажурналистцəа Реидгыла ахацыркра, аиҿкаара, арҿиарартə еицлабрақəа, иҭахаз рыҭӡы аҟаҵара, аҧхьахəқəа рыҭара уҳəа есыҽны иҿыцу аиҿкаарақəа дрышьҭан. 2010 ш.рҿынӡа иусура аанижьаанӡа активла ажурналистика аус дашьҭан. Ухы иаурхəаша, ауаҩы изанааҭ дшазыҟаз, бзиа ишибоз акəны иҟоуп", — иҳәеит Ҳашыг.

1990-тəи ашықəсқəа рзы Асовет ҳəынҭқарра аилаҳара ианалагоз, ажураналистцəа Реидгыла Асовет Еидгыла аиҿкаара иалахəын. Усҟангьы аҭагылазаашьа злаҟаз ала, Қырҭтəыла Аидгыла иалҵуа ианалага, ҳара уа ҳанхарц азы, Сергеи Михаил-иҧа аусура бзиа еиҿикааит, иҳәеит иара.

Жəларбжьаратəи ажурналистцəа Реидгыла Аконфедерациа аҧҵараан, Аҧсны ажурналистцəа Реидгыла уи аизара иалахəын, хаҭала иара ахантəаҩра азиуан. Нанҳəамзазы, Москва имҩаҧысыз аизараҟны Жəларбжьаратəи Аконфедерациа ахеилак Аҧсны дахаҭарнакны далырхит. Урҭ аимадарақəа иахьа еиқəырханы ирымоуп, ҳаҧхьаҟа иҵегьы ацҵаразы ҳазҭало амзазы Москва аиқəшаҳаҭра рнапы аҵарҩҩраны иҟоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0