Апальмақәа зхәышәтәуаз аусуҩ аток исит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛечение пальм от долгоносика
Лечение пальм от долгоносика - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара хба рзы апальмабжы аҟынтәи аҵлақәа рыхәышәтәра мҩаԥысуан Аҟәатәи аиндустриалтә коллеџь ааигәара.

АҞӘА, абҵара 6 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи аиндустриалтә коллеџь ахыбра аҿаԥхьа апальмақәа рыхәышәтәраан аусуҩ афымцацәаҳәақәа рҟынтәи аток исит ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит аколлеџь адиректор Светлана Габлиаԥҳа.

Бадрак Авидзба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҩӡба еиҭеиҳәеит апальмақәа рыхәшәтәразы иарбан шьаҿақәоу ҳтәылаҿы иазгәаҭоу

"Аусуҩ амыруга ҷыдала апальма ахәшә ақәиҭәон. Анцәа иџьшьоуп апальма дахьакьымсыз, аха ааха иоуит. Ацхыраара ласы ахәышәтәырҭахь дагеит", — ҳәа лҳәоит лара.

Аԥсабара ахьчаразы Аԥсны аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа иҳәеит аток зысыз ианаамҭаз амедицинатә цхыраара шиоуз.

"Аҭыԥ ахь иаразнакы ацхыраара ласы иаԥхьан. Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы агәаҭара дахыжьын. Ахәшәқәа изылырҩаан иҩныҟа дыргеит", — иҳәеит иара.

Апальмақәа зхәышәтәуа абригада аусурақәа ирҿуп жьҭаара 30 раахыс.

Аколлеџь адиректор Светлана Габлиаԥҳа ишылҳәаз ала аҵараиурҭа иавгоу авольтҳарак цәаҳәақәа аааррра рыҟазаара шәарҭоуп, уи изныкымкәа СУЕСи "Амшынеиқәафымцамчи" иддырдырхьан.

"Афымцацәаҳәа апальмақәа иааигәаӡаны ирхысуеит", — лҳәеит лара.

Иҟалаз далацәажәо СУЕС анџьныр Ҭенгиз Блабба иҳәеит дара аԥҟаррақәа шеиларымго.

"Апальмақәа ирызҳауеит. Афымцатә цәаҳәақәа ирыхькьысуеит. Дара рыхҿара азин ҳарҭом. Ҳара иҳагәҭакын иара абри аҭыԥ аҿы аремонттә усурақәа рымҩаԥгара", — иҳәеит иара.

Апальмабжы аҟынтәи аҵлақәа рыхәышәтәра мҩаԥысуеит Аԥсны.

Ажәабжьқәа зегьы
0