Илеишәа џьбаран, аха бзиа даҳбон: Гагратәи алицеи Алықьса Кәанџьариа ихьӡ ахҵоуп

© Фото : из архива семьи КонджарияАлексей Конджария
Алексей Конджария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ганҭиадитәи ашкол-интернат №1 ҳәа ианыҟаз 37 шықәса директорс иахагылаз Алықьса Мсас-иԥа Кәанџьариа аамҭала аус ицызуази, иоушьҭымҭацәа гәыԥҩыуааки Гагра араионтә Еизара адепутатцәеи араион Ахадареи рахь иҟарҵаз аҳәара иахаҵгылан, иахьа, абҵара 8 рзы ари аҵараиурҭа, уажәы Гагратәи алицеи-интернат ҳәа иҟоу, ихьӡ ахырҵеит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

— Иахьа уажәраанӡагьы иахызар акәын, рҳәон Гагратәи алицеи-интернат, Гантиадитәи ашкол-интернат №1 ҳәа ианыҟаз 37 шықәса директорс иахагылаз Алықьса Мсас-иԥа Кәанџьариа ихьӡ ахырҵоит ҳәа заҳауаз, иара ихаантәи аушьҭымҭацәа.

250-300-ҩыуаак рҟныӡа здызкылоз аинтернат раԥхьанатә ҩ-корпуск аман. Араҟа аҵара рҵон аӡӷабцәеи, аҷкәынцәеи.

Алықьса Кәанџьариа Ганҭиадитәи ашкол-интернат №1 дахагыланаҵы хьӡи-ԥшеи арҳаит. Иара Қарҭ анапаҵаҟа иҟан аҟнытә, лассы-лассы агәаҭарақәа рымҩаԥгаразы акомиссиақәа аауан, аха знызаҵәыкгьы авба адрымбалаӡеит.

Алықьса Мсас-иԥа иҵаҩцәеи, аус ицызуаз иҩызцәеи иахьагьы дыргәалашәоит иџьбараз, аҽынкылара змаз, иаамысҭашәаз уаҩны.

Хараз Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Гагратәи аԥсуа школ агәы зыреисыз Ҳараз Чамагәуа диижьҭеи 90 шықәса ҵит

"Сара ашкол-интернат ахь сиасит ахәбатәи акласс инаркны. Уаҟа фышықәса аҵара ҵара иреиӷьыз аамҭоуп ҳәа исԥхьаӡоит. Арҵаҩцәа бзиа ҳарбон, рыхшара реиԥш ҳарԥхьаӡон. Ҳдиректор Алықьса Мсас-иԥа иакәзар даара дыџьбаран, аха гәык ала ҳаизыҟан. Апатриот, аинтеллигент ду ҿырԥшыгас дҳаман. Ԥхьаҟа аԥсҭазаараҟны ҳашьақәгылараҿы даара илшамҭа ӷәӷәоуп. Алықьса Кәанџьариа иоушьҭымҭацәа ҳзы мацара акәымкәа, ҳажәлар ргәаҿгьы ихьӡырҳәагоу, зҭоурых гәылҭәаау, зыхьӡ-зыԥша ҳаракыу уаҩны даанхоит", — иҳәоит аинтернат аушьҭымҭа, Аԥсны Афырхаҵа Рудольф Алшәындба.

1980 шықәсазы, Ганҭиадитәи ашкол-интернат №1 иалгаз Ҭемыр Қәҭарба, Алықьса Кәанџьариа игәалашәараҿы даанхеит аиаша иашьҭаз, ахәыҷқәа ринтересқәа рыхьчара иадгылаз уаҩны.

"Алықьса Мсас-иԥа ахәыҷқәа дҳадгыланы ҳхы шьышьуа, ирԥшқаны дҳацәажәо дыҟамызт. Иара илеишәа цәгьан, аха убри азы акәхап иахьа ҳгәаҟны иҟәандоу ацәаныррақәа зынижьыз. Избанзар аӡәызаҵәыкгьы ихәҭамкәа, ус баша игәы нирхомызт, алеишәа ҷыда змаз аиацәажәара дақәшәон, ишакәым зхы мҩаԥызгоз дырԥхашьаны дахьирхәуан. Аиҳабыратәи аклассқәа рахь ҳаннеи деилҳкаауа ҳалагеит",-еиҭеиҳәоит аушьҭымҭа.

Ҭемыр Қәҭарба алаф ахҳәаауа игәалашәоит, Алықьса Кәанџьариа асааҭ дшадыркылоз. Адиректор ашьыжь аинтернат ашҭа данааҭгылоз ирдыруан аамҭа иҟаз. Раԥхьатәи ашықәсқәа рзы Бзыԥҭантәи аусурахь длеиуазтгьы, анаҩс Гагрантәи минуҭк иҽагмырхакәа днаӡон.

"Дарбан ҵаҩу, ашкол данҭоу ахәмарра зҭахым, мамзаргьы ақьачақьра. Аха убри аамҭазы руаӡәы "Мсас-иԥа" аниҳәалак, иаразнак амҵ ԥыруазар иуаҳаратәы ааҭынчрахон. Убас аиҿкаара аԥҵан аинтернат аҟны", — игәалашәоит Ҭемыр Қәҭарба.

© Фото : из архива семьи КонджарияАлексей Конджария
Алексей Конджария - Sputnik Аҧсны
Алексей Конджария

Ганҭиадитәи ашкол-интернат №1 аҟны аус зухьаз Валери Орчыҟәба дазааҭгылеит, Алықьса Кәанџьариа инапаҵаҟа ауалԥшьақәа рынагӡара аҭакԥхықәра ду шацыз.

"Араҟа снапы ианырҵеит, иуадаҩыз ҳәа ирԥхьаӡоз а-7-тәи акласс аҵаҩцәа. Хышықәса ирылагӡаны, ашкол-интернат аҟны рыбзазара сахылаԥшуан. Ианаамҭоу исырҿыхон, акрыфарҭахь иназгон, аурокқәа иазыҟасҵон, уахынла ишьҭалаанӡа сылаԥш рхын",-ҳәа ҳаилиркааит арҵаҩы.

Валери Орчыҟәба игәалашәоит Алықьса Мсас-иԥа зегь раԥхьа иширгылоз ахәыҷқәа рлеишәеи, ргәабзиареи.

"Аинтернат амашьынамҩеи амшыни ирыԥнын. Убри аҟнытә арҵаҩцәа рыбжьара аҷаԥшьара еиҿкаан. Аҵаҩцәа машәырк рмыхьырц азы ӷәӷәала рылаԥш рхын", — еиҭеиҳәоит иара.

© Фото : из архива семьи КонджарияАлексей Конджария
Алексей Конджария - Sputnik Аҧсны
Алексей Конджария

Аҭаацәа аинтернат адиректори арҵаҩратә еилазаареи рахь агәрагара рыман. Дара ргәы ҭынчын рыхшара рзы. Амлеи, ахьҭеи ишамкуаз, аҵара шддырҵоз, ианаамҭоу аиарҭа цқьаҿы ишышьҭарҵоз, ашьыжь ишдырҿыхоз рдыруан.

Адиректор имаҵура Алықьса Мсас-иԥа данаалон иҵарала, ихымҩаԥгашьала, иҽеилаҳәашьала. Иара иваҟәылоз анапхгаҩцәа даараӡа имаҷҩын. Аинтернат аҟны иаԥҵаз аҭагылазаашьа асовет аамҭазтәи арраҿы иҟаз адисциплина иазааигәан. Араатәи ааӡара ҽакы иузаларҩашьомызт.

"Алықьса Мсас-иԥа икабинеҭцәҟьа иԥшьоу ҭыԥк еиԥш иаҳԥхьаӡон. Уахь иҩналоз ргәы хыҭ-хыҭуан, атәашьа, агылашьа, ацәажәашьа хылаԥшра ҷыда шаиҭоз рдыруан. Сара исгәалашәом дзацәажәозаалакгьы дырҿаччаны. Игәалаҟазаара шьҭызхуаз хҭыск ҟаларгьы, иччаԥшь уирбаӡомызт",-иажәабжь иациҵоит арҵаҩы.

© Фото : из архива семьи КонджарияАлексей Конджария
Алексей Конджария - Sputnik Аҧсны
Алексей Конджария

Валери Орчыҟәба аинтернат аҟны ахәыҷқәа рҵареи-рааӡареи иазааԥсоз, аус зциуоз, игәалашәоз арҵаҩцәа гәыԥҩык рыӡбахә иҳәеит. Урҭ иреиуоуп: Чынчор Ачба, Ольга Захарова, Наҭелла Қаԥшьԥҳа, Елена Гьерзмааԥҳа, Лиудмила Гәымԥҳа, Фируза Ҷанԥҳа, Галина Ԥаразиаԥҳа, Валентина Ашәԥҳа, Валери Дауҭиа, Светлана Гәлариаԥҳа, Ирина Тасоева, Александр Штыкалин, Зинаида Чаава, Марина Папԥҳа. Аӡәыр дибжьаирхазаргьы ауеит, убри аҟнытә заанаҵы аҭамзаара шьҭеиҵеит.

© Sputnik / Саида ЖибаВыпускники гагрской школы-интерната №1
Выпускники гагрской школы-интерната №1 - Sputnik Аҧсны
Выпускники гагрской школы-интерната №1

Ганҭиадитәи ашкол-интернат №1 аушьҭымҭацәа аӡәырҩы иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылганы рыԥсадгьыл ишахәҭоу амаҵ азыруоит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь шықәсқәак ааҵуаны, ари аҵараиурҭа ииаган "Башаран коллеџь" ахь. Уи аҿы иааԥсара ӷәӷәоуп уаанӡатәи атәыла Ахада Владислав Арӡынба. 20 шықәса қәҿиарала аус зуз аколлеџь аушьҭымҭацәа Аԥсны анҭыҵ аҵара бзиақәа роуит. Аашықәса раԥхьа, аинтернат ҩаԥхьа ахьӡ ԥсахын Гагратәи алицеи-интренат ҳәа. Аиҭакрақәа ишрыниазгьы, ари аҵараиурҭа 60 шықәса раԥхьа иамаз ахьӡ иахьагьы имыӡӡеит, уимоу еихаҳаны ԥхьаҟа иргоит аколлектив, рдиректор Лиана Ԥлиаԥҳа драԥхьагыланы.

Егьа аамҭа царгьы, аинтернат аӡбахә анырҳәо, Алықьса Кәанџьариа ихьӡ адрымҳәалакәа изыҟалом.

Алықьса Мсас-иԥа Канџьариа диит лаҵара 15, 1929 шықәсазы Гагра араион Бзыԥҭа аҳаблан анхаҩы иҭаацәараҟны.

1942 шықәсазы, быжькласск даналга, аамҭа хьанҭақәа раан иҭаацәа дрыцны аус иуан аколнхараҿы. Шықәсык ашьҭахь аколнхара ахантәаҩыс дахагылеит, уаҟа аус иуит ԥшьышықәса. Анаҩс диаргоит Бзыԥҭа ақыҭсовет амаӡаныҟәгаҩс. Ашкол аҿы аҵараҵареи ауси еилаигӡон.

© Фото : из архива семьи КонджарияАлексей Конджария
Алексей Конджария - Sputnik Аҧсны
Алексей Конджария

1949 шықәсазы дҭалоит Архангельсктәи Аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт. Аҵара анхирқәша шықәсык Архангельсктәи амшынныҟәаратә школ аҟны аихтиологиа амаҭәар мҩаԥигон аамҭакы.

1954 шықәсазы Аԥсныҟа даныхынҳә, Гагратәи аспорттә школ директорс дахагылоит. Ҩышықәса ааҵуаны аусура диаргоит Гантиадитәи ашкол-интернат №1 ахь, 1959 шықәсазы дахагылоит директорс. Ари амаҵураҟны Алықьса Канџьариа аус иуит 1996 шықәсанӡа.

© Фото : из архива семьи КонджарияАлексей Конджария
Алексей Конджария - Sputnik Аҧсны
Алексей Конджария

1948 шықәса инаркны КПСС дахәҭакын, изныкымкәа далырххьан аҳаблатәии, ақалақьтәии, араионтәии Жәлар Рсовет адепутатс. Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ажәабатәи ааԥхьара адепутатс далхын, Қарҭтәи ССР Гагра ақалақьтә Совет Акомпартиа далан.

Ианашьан Ленин иордени, Аџьа адырга ҟаԥшь аордени.

Алықьса Мсас-иԥа Кәанџьариа иԥсҭазаара далҵит 2000 шықәсазы.

Дҭаацәаран, диҭынхеит аԥҳа.

© Sputnik / Саида ЖибаАлексей Конджария
Алексей Конджария - Sputnik Аҧсны
1/2
Алексей Конджария
© Sputnik / Саида ЖибаУченики гагрской школы-интерната №1
Ученики гагрской школы-интерната №1 - Sputnik Аҧсны
2/2
Ученики гагрской школы-интерната №1
1/2
Алексей Конджария
2/2
Ученики гагрской школы-интерната №1

Алықьса Мсас-иԥа Кәанџьариа Гагратәи алицеи-интернат ихьӡ ахҵара иазкыз аофициалтә церемониа иаҭааит иуацәа, Гагра араион Ахадара, араионтә Еизара адепутатцәа, еиуеиԥшым ашықәсқәа раантәи аушьҭымҭацәа, араион аҵара аҟәша анапхгара, аспециалистцәа, ашколқәа жәпакы рдиректорцәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа.

Ажәахәқәа ҟазҵоз Алықьса Мсас-иԥа акыраамҭа аус ицызуази, иҵаҩцәеи ирҳәон уажәшьҭа ргәы шҭынчу, рҩыза ду, рырҵаҩы хазына ихьӡ анаунагӡатәра хаҭала абара иахахьӡаз насыԥны ирԥхьаӡоит.

Аижәлантәқәа Кәанџьариаа рыхьӡала, Гагра араион акыр шықәса аҵара-ааӡара иазааԥсахьоу Илиа Кәанџьариа абри аус иахаҵгылаз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Иахьатәи алицеистцәа ракәзар, ажәа рҳәеит ари аҵараиурҭа ахьӡ шыдмырԥхашьо.

Ажәабжьқәа зегьы
0