Еквадор атәылауаҩ закәандарыла Аԥсныҟа алалара игәҭакын

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота таможенного поста аэропорта. Архивное фото
Работа таможенного поста аэропорта. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еквадор атәылауаҩ Урыстәыла далырцеит Урыстәыла-аԥснытәи аҳәаа ахысра ахьеилеигаз иахырҟьаны.

АҞӘА, абҵара 13– Sputnik. Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы даанкылан 27-шықәса зхыҵуа Еквадор атәылауаҩ. Иара Аԥсныҟа визада аара игәҭакын ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара адагьы иааԥшит Еквадор атәылауаҩ Урыстәыла аҵакыраҿы иҟазаарагьы азакәаншьаҭа шамамыз. Иара ара иҟазаара аҿҳәара цахьан.

Административтә еилагаразы аус хацыркын. Аҳәаа еилазгаз Адлертәи араионтә ӡбарҭахь днаганы ахараԥса иқәҵаны атәыла далырцеит.

Уи адагьы иҟалаз инадҳәаланы иара 5 шықәса рыҩныҵҟа Урыстәыла алалара азин имхуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0