Ажурналист Нурбеи Лышәба игәалашәара иазкыз аиԥылара Аҟәа имҩаԥысит

© SputnikАжурналист Нурбеи Лышәба игәалашәара иазкыз аиԥылара Аҟәа имҩаԥысит
Ажурналист Нурбеи Лышәба игәалашәара иазкыз аиԥылара Аҟәа имҩаԥысит  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агазеҭ "Бзыԥ" аҟны аус акыраамҭа изуаз Нурбеи Лышәба игәалашәара иазкыз аиԥылара мҩаԥнагеит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ажурналист, агазеҭ "Бзыԥ" аредактор хадас акыршықәса аус зуаз Нурбеи Лышәба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкыз агәалашәаратә еиԥылара мҩаԥысит Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны.

© Sputnik Ажурналист Нурбеи Лышәба игәалашәара иазкыз аиԥылара Аҟәа имҩаԥысит
Ажурналист Нурбеи Лышәба игәалашәара иазкыз аиԥылара Аҟәа имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Ажурналист Нурбеи Лышәба игәалашәара иазкыз аиԥылара Аҟәа имҩаԥысит

Аиԥылара ааиртит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг, уи иазгәеиҭеит аидгыла азҿлымҳара шанаҭо Аԥсны ажурналистика ашьақәгылара, уи аҿиараҿы зџьабаа рацәоу ауаа ргәалашәара иазку аиԥыларақәа рымҩаԥгара.

"Ҳара хықәкы хадас иҳамоу, аиубилеи азгәаҭара аасҭа, аԥсуа журналистика знысыз аҭоурых, акырӡа зҵазкуаз ахҭысқәа рызгәаҭара ауп. Аԥсуа кьыԥхь аҿиара аҭоурых аҟны иҷыдоу аҭыԥ амоуп агазеҭ "Бзыԥ", еиҳарак уи асовет аамҭазыҳәа, еиҳарак амилаҭтә қәԥара иадҳәалаз ахҭысқәа анымҩаԥысуаз", - иҳәеит Руслан Ҳашыг.

Агазеҭ "Бзыԥ" анапхгаҩцәа аҭакԥхықәра рхахьы иганы, апартиатә система амаршәа ԥшааны акрызҵазкуа ашьаҿақәа ҟанаҵеит ажәлар рҭахрақәа рыхьчараҿы, ациҵеит Ажурналистцәа реидгыла ахада.

"Асеиԥш иҟоу агәаӷьра аарԥшразы акырӡа аҵанакуеит уа иҟоу аиҳабыра. Иахьа зыхьӡала аиԥылара мҩаԥааго Нурбеи Лышәба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкны иаҳҭахуп уи дыздыруаз, аус ицызуаз ргәалашәарақәа ҳацеиҩыршарц", - азгәеиҭеит уи.

Юбилейный вечер, посвященный 85-летию Анатолия Возба - Sputnik Аҧсны
Ашәҟәыҩҩы, ажурналист Анатоли Возба игәалашәара иазкыз аиԥылара мҩаԥысит

Агазеҭ "Бзыԥ" аредактор хада Лавренти Гәбаз иҳәеит иахьа аредакциаҿы иҟоуп ԥшьҩык ажурналистцәа Нурбеи Лышәба аус ицызуаз.

"Уи ибзоурала ҳара ажурналистика ашҟа аҩма ҳауит, Нурбеи Ладикәа-иԥа данаҳгәаламшәо ҽнак ыҟаӡам, избан акәзар иара иуаҩшьеи иусушьеи ҷыдарақәак рыман. Имаҷыҩзар ҟалап иахьа Аԥсны ажурналистика аганахь ала Нурбеи Лышәба имаз аҳаракыра змоу", - иҳәеит агазеҭ "Бзыԥ" аредактор хада.

Лавренти Гәбаз иажәақәа рыла, ажурналистцәа рматериалқәа Нурбеи Лышәба ишҟа ианнаргалак, џьара ак агзаргьы уи аҳәашьеи азнагашьеи дақәшәон.

"Убри убысҟак угәы иалымсратә даауԥхьаны уртәаны дуазҵаауан, угәы ишԥаанаго абас иҟаҳҵар еиҳа еиӷьӡами ҳәа", - ациҵеит иара.

Апартиа гәдоуҭатәи араионтә ҟәша аҟны аус зуаз Гарри Кәпалба игәалаиршәеит 1978 шықәсазы Гәдоуҭаҟа аусура ҳәа инеира шыҟалаз.

"Сара агитациеи апропагандеи рыҟәша сақәшәеит. Сара срабадырит агазеҭ "Бзыԥ" аусзуҩцәа, аусура аганахь ала лассы-лассы ҳаиқәшәон, ҳаицәажәон. Усҟантәи аамҭазы ацензура ыҟан, аиҳарак агазеҭқәа рҟны, убри азы иҭыҵуаз аматериалқәа гәарҭон, ахцәажәара рзыруан. Мчыбжьык ахь ҩынтә агазеҭ аредакциеи ҳареи ҳаиқәшәон. Гәдоуҭатәи араионтә партиатә еиҿкаара егьырҭ иреиԥшымызт, уи иалнаршоз зылшоз маҷын", - иҳәеит уи.

Нурбеи Лышәба 1954 шықәсазы корректорс аусура далагеит агазеҭ "Бзыԥ" аредакциаҿы, 1965 шықәсазы уи аредактор ихыҭыԥуаҩс дҟалоит. 1978 шықәсазы агазеҭ "Бзыԥ" мацара аҟны ауп иахьанылаз аԥсуа интеллигенциа 130-ҩык рышәҟәы.

Нурбеи Лышәба иԥсҭазаара далҵит 1991 шықәсазы 53 шықәса дшырҭагылаз.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0