Жәлар рҟазаалыхреи рнапҟазареи рфестиваль мҩаԥгахоит Аҟәа

© Sputnik / Илона ХварцкияРабота Инны Салакая
Работа Инны Салакая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар рҟазаалыхреи рнапҟазареи рфестиваль мҩаԥгахоит Аҟәа ԥхынҷкәын 12 асааҭ 13:00 рзы аиҩызара "НУР" азал ҿыц аҿы.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Жәлар рҟазаалыхреи рнапҟазареи рфестиваль мҩаԥгахоит Аҟәа ԥхынҷкәын 12 асааҭ 13:00 рзы аиҩызара "НУР" азал ҿыц аҿы ҳәа еиҭеиҳәоит Sputnik аҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿ афестиваль аиҿкааҩ Нури Кәарҷиа.

Нури Кәарҷиа иажәақәа рыла Аԥсны ахаангьы ирацәан анапҟазара злаз ауаа. Ареспубликаҿ имҩаԥыргон жәлар рнапҟазара иазку афестивальқәа, аиндаҭларақәа, аха аибашьра ашьҭахьтәи аҭагылазаашьа уадаҩ инадҳәаланы аԥаразоужьра аанкылахеит, иара анапҟазацәагьы атәыла аанзыжьыз рацәаҩхеит.

"Аибашьра ашьҭахь аекономикатә ҭагылазаашьа уадаҩ иалнаршомызт бзиа иубо аус анапалакра. Ауаа хныҟәгаран зегь раԥхьа иргыланы изышьҭаз. Уажәы аамҭақәа рҽеиҭаркит. Ауаагьы бзиа ирбоз аус иазхьаԥшит. Ҳаргьы иҳаӡбеит абарҭ зегь азыԥхьагәаҭаны раԥхьатәи ареспубликатә фестиваль амҩаԥгара", - иҳәеит иара.

Афестиваль рҽаладырхәыр ҟалоит изҭаху зегьы. Иахьазы азыҳәа аарышьҭхьеит 30-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Аиҿкааҩцәа ақәгәыӷуеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа цәыргахап ҳәа.

Мака Кочал-иԥа - Sputnik Аҧсны
Анапкымҭа ссирқәа

Афестиваль иахықәкуп – аԥсуа ҟазауаа рӡыргара.

"Ишыжәбо еиԥш ареспублика ҭдырҭәааит китаитәи атауарқәа. Ҳара курорттә тәылоуп. Ҳҭааҩцәагьы ирыдаагалалароуп зхаҭабзиара ҳараку анапкымҭақәа", - ҳәа иҳәоит Кәарҷиа.

Анапҟазаҩ Инна Салаҟаиаԥҳа иазгәалҭеит афестиваль шҭыԥ бзиоу анапҟазара знапы алаку реиԥыларазы, реинырразы, рԥышәа аимдаразы.

Лара лажәақәа рыла афестиваль ԥхьаҟатәи рыҿиарагьы иацхраауеит. Русумҭақәа аҽа лаԥшҳәаак ианыҵгахо еиҳа ирыгу-ирыбзо рбо иҟалоит.

Жәлар рҟазаалыхреи рнапҟазареи рфестиваль мҩаԥгахоит Аҟәа ԥхынҷкәын 12 асааҭ 13:00 рзы аиҩызара "НУР" азал ҿыц аҿы.

Аҭаара алшоит ԥхынҷкәын 19 рҟынӡа. Алахәреи аҭаареи хәыда-ԥсадоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0