Еиуеиԥшым аԥшшәқәа рыла адунеи збо асахьаҭыхыҩ хәыҷы Дамеи Чуаз иабадырра

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаДамеи Чуаз
Дамеи Чуаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ианакәызаалак, аҭаацәа рыхшара ринтересқәа ҭҵааны, ирыцклаԥшны ирзыркуеит еиуеиԥшым аҽазыҟаҵарақәа: аспорт, акәашара, амузыка, асахьаҭыхра уҳәа. Иахьа зыӡбахә ҳҳәо быжьшықәса зхыҵуа Дамеи Чуаз илаз асахьаҭыхратә ҟазара машәыршақә ауп ишааԥшыз. Ахәыҷы инапы иҵҵхьеит 50 инарзынаԥшуа асахьақәа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Дамеи Чуаз шықәсык аԥхьа иан ашкол аҽазыҟаҵаратә ҟәша далҭеит. Ахәыҷы ҩыгала аусушьа ибзианы дашьцыларц азы, илыӡбоит асахьаҭыхратә студиахьгьы ишьҭра. Хара имгакәагьы иааԥшуеит ари ахырхарҭаҟны аҟыбаҩ ҷыда шилаз.

"Асахьаҭыхраҿы рхы иадырхәо акарандашь, афломастер, ашәыгахьшьыга уҳәа инапы рышьцалар, аҩышьагьы изыманшәалахоит ҳәа аасгәахәын асдудиахь дсышьҭит. Аиашазы, ҳзынҭаацәаз иааџьаҳшьеит иҵәахыз иҟазара. Иҭыхымҭақәа ашколтә цәыргақәҵақәа рҟны ицәырырго иалагеит", — лҳәоит ахәыҷы иан Седа Матосиан.

Шықәсык аахижьҭеи Дамеи иҭиххьеит 50 инарзынаԥшуа асахьақәа.

"Сара бзиа избоит абџьари, аибашьыга машьынақәеи рҭыхра, иара убас алакәтә хаҿсахьақәа. Сусумҭақәа реиҳарак сҩызцәа ишаны ирысҭоит", — ҳәа азгәеиҭеит Дамеи.

Ахәыҷы дахьныҟәо астудиа "МирА" анапхгаҩы, асахьаҭыхыҩ Татиана Зедер иҳаиллыркааит Дамеи илаз аҟазара раԥхьатәи рҽазыҟаҵарақәа раан ишгәалҭаз.

Асахьаҭыхратә ҟазара аспециалитет 5-тәи акурс астудент Зарифа Анқәабԥҳа - Sputnik Аҧсны
Зарифа Анқәабԥҳа: ауаҩытәыҩса иҩнуҵҟатәи аԥсабара ақыцә "арҳәара" уадаҩуп

"Сара хықәкыс исымоуп сҵаҩцәа ҳҽазыҟаҵарақәа рҿы раԥхьа иргыланы адырраҭахра рызцәыргара, нас аинтерес, уи ашьҭахь адыррақәа рыҭара. Идеилсыркаауеит адунеи еиуеиԥшым аԥшшәқәа рыла ишеибаркыу. Ҷыдала аҿыханҵатә ҟазареи, асахьаркыратә џьеи роуп ҳус ззынархоу. Дамеи хәыҷы аҩ-хырхарҭаҟ рҟны ихы бзианы иааирԥшуеит", — лҳәоит асахьаҭыхыҩ.

Аҽазыҟаҵарақәа рҿы, акарандашьи, афломастери, хкы рацәала ашәыгақәеи рнаҩс, асахьа ҭырхуеит пластелинла. Еилаԥсоу атехникала аус руоит. Иаҳҳәап, ԥстәык ҭырхуазар, рхы иадырхәоит ҩба, ма инареиҳаны аматериалқәа. Урҭ иреиуазар ҟалоит амҿы, аҳәынҵәрақәа, ахаҳәқәа, акакаҷқәа.

Татиана Зедер иҳаиллыркааит пластелинла арԥшьшьара ахәыҷы имоторика шарҿиауа. Дамеи хәыҷы инапала иҟаиҵахьеит имаҷымкәа апластелин иалху асахьақәеи, ахәмаргақәеи.

Иахьазы асахьаҭыхратә студиахь иныҟәоит 22-ҩык, хышықәса зхыҵуа инадыркны жәаҩа шықәсанӡа зхыҵуа рҟынӡа ахәыҷқәа.

Дамеи Чуаз сара дысгәылоуп, аха асахьаҭыхра дшазҟазоу аныздыр, уажәааигәа иан лҟны каҳуажәра саннеи, архьшәашәагаҟны иадырҷаблаз, аҟаза иҭихыз рла Мухтар асахьа сылаԥш анақәшәа ауп.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаДамеи Чуаз иусумҭа
Дамеи Чуаз иусумҭа - Sputnik Аҧсны
1/5
Дамеи Чуаз иусумҭа
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаДамеи Чуаз иусумҭа
Дамеи Чуаз иусумҭа - Sputnik Аҧсны
2/5
Дамеи Чуаз иусумҭа
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаДамеи Чуаз иусумҭа
Дамеи Чуаз иусумҭа - Sputnik Аҧсны
3/5
Дамеи Чуаз иусумҭа
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаДамеи Чуаз иусумҭа
Дамеи Чуаз иусумҭа - Sputnik Аҧсны
4/5
Дамеи Чуаз иусумҭа
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаДамеи Чуаз иусумҭа
Дамеи Чуаз иусумҭа - Sputnik Аҧсны
5/5
Дамеи Чуаз иусумҭа
1/5
Дамеи Чуаз иусумҭа
2/5
Дамеи Чуаз иусумҭа
3/5
Дамеи Чуаз иусумҭа
4/5
Дамеи Чуаз иусумҭа
5/5
Дамеи Чуаз иусумҭа

Издыруада, мышкызны, џьара музеик аҟны Дамеи илыԥшааху иусумҭак збаргьы…

Дамеи аспорт аҿгьы ақәҿиарақәа ааирԥшуеит. Иара Гагратәи ахәыҷтәы шьапылампылтә команда "Леон" аҟны ахьчаҩс дыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0