Гагра араион аҿы афымцатә цәаҳәа еиҭашьақәдыргылеит

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛинии электропередач
Линии электропередач - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион, Цандрыԥшь аҳабла фымцалашарада иаанхеит ԥхынҷкәын 26 рзы авольтҳарак цәаҳәа "Холодная речка" аҿы иҟалаз авариа иахҟьаны.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гагра араион аҿы афымцатәцәаҳәа еиҭашьақәдыргылеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭарҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзураҿы.

Гагра араион, Цандрыԥшь аҳабла фымцалашарада иаанхеит ԥхынҷкәын 26 рзы авольтҳарак цәаҳәа "Холодная речка" аҿы иҟалаз авариа иахҟьаны.

Аҭыԥ ахь инеиит "Амшынеиқәафымцамч" абригада. Амашәыр аҭыԥ ақәҵара ауадаҩра ацын, избанзар ацәаҳәа ахьыԥҵәаз аҭыԥ ахь анеира цәгьан. Аенергетикцәа атехника ахархәарада ацәаҳәа аиҭашьақәыргылара рылшеит.

"Иаха, асааҭ 20:00 рзы аремонттә усурақәа аанкылан асоура иахьалагаз иахҟьаны. Иахьа шьыжьнаҵы аусурақәа хацҳаркит", — ҳәа рҳәоит апресс-маҵзураҿы.

Ԥхынҷкәын 27, асааҭ 11:00 рзы афымцалашара аушьҭын.

Ажәабжьқәа зегьы
0