Аԥснытәи ахшараиурҭақәа рыҟны иит фҩык аҷкәынцәеи, ҩыџьа аӡӷабцәеи

CC0 / / Роддом
Роддом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 31 инаркны ажьырныҳәа 1-нӡа аԥснытәи ахшараиурҭақәа рыҟны иит ааҩык ахәыҷқәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 1 — Sputnik. Бадри Есиава. Фҩык аҷкәынцәеи, ҩыџьа аӡӷабцәеи иит аԥснытәи ахшараиурҭақәа рыҟны ԥхынҷкәын 31 инаркны ажьырныҳәа 1-нӡа, абри атәы Sputnik акорреспондент еизеиҭарҳәеит араионтә хәышәтәырҭақәа аусзуҩцәа.

Хҩык аҷкәынцәеи, ӡӷабки иит ԥхынҷкәын 31 ауха Аҟәатәи ахшараиурҭаҟны, ажьырныҳәа 1 аҽны диит даҽа ҵеик.

"Ахәыҷқәа ргәы бзиоуп, рыкапан наӡоуп. Зегьы рзы ахьыӡқәа макьаназы аҭаацәа иалрымхыцт, аха уезгьы ҩыџьа ахәыҷқәа ирыхьӡырҵеит - Максими Киреи", - ҳәа рҳәеит Аҟәатәи ахшараиурҭаҟны.

Гәдоуҭеи Гагреи рраионқәа рыҟны ажьырныҳәа аказы иит ҩыџьа аҷкәынцәа: Кобахьиеи Дбари рҭаацәараҟны. Гал араион ԥхынҷкәын 31 ауха диит аӡӷаб, Ачԥҳа, лыкапан 4 кьылак инаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0