Аныҳәақәа рышьҭахь...

© SputnikЗастолье
Застолье - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аныҳәақәа раан, еиҳараӡак Ашықәс ҿыц иадҳәалоу, ҳаицлабуазшәа аишәа ҳархиоит зеиԥш ыҟам ачыс хаақәа рыла. Анкьа еиԥш аиҭанаиааирақәа ахьыҟам акәу, зегьы иҟарҵо ахьеиԥшхаз акәу здыруада, аха афатә аанхоит, ҩымш-хымш рышьҭахь аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи ирҿаҳҵоит. Иҵасым, аха џьоукы агәамсам иарҭоит. Убри аамҭазы иазхәыцхьада, зыҩны ача ҩнам ауаа шыҟоу…

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ашықәс ҿыц раԥхьатәи амш аҽны сан лаҳәшьаԥҳа лҭаацәеи лареи ирыдысныҳәаларц Бзыԥҭаҟа сцеит. Аиланхарҭа Асԥа, жә-еихагылак змоу рыҩны санааҵала, сахьнеиуаз афбатәи аҟынӡа схалаанӡа сшьапы ахьсыргылоз аҭыԥ алсхуан. Избан ҳәа шәҵаауазар, абар аҭак: амардуан иаҿаԥсан хкы-хкыла аконфеҭқәа. Актәи аихагыла инаркны, аҟәшәара салагазтгьы хымԥада хәбаҟа кьыла шьҭысхуан.

Аиашазы, даара исгәамԥхеит избаз.

Суликәа Ҳараниа - Sputnik Аҧсны
Суликәа Ҳараниаҧҳа: жәытәаахыс ҳаҩнаҭаҿы гәырӷьара дуны иазгәаҳҭоит Қьырса

Сасра сахьнеизгьы, сгәынамӡара атәы анаацәырызга, "уи ахәыҷқәа роуп иказԥсаз, иахак иҩуа иқәын, "сеиу, веиу ҟарҵон", уажәы ахаақәа рҭахӡам, аԥара ауп, аконфеҭ заҭәазымшьаз икаԥсаны ицеит", — ҳәа сарҳәеит.

Амардуан шырыԥссарыз, аха ҩаԥхьа афатә агәамсам иагоит…

Адырҩаҽны, Асԥа иацәыхарамкәа санду лаҳәшьцәа сасра срызцеит. Ақәра ду иҭагылоу 82 шықәса зхыҵуа Ардеи, 85 шықәса ирҭагылоу Аннеи Наԥҳаа изларылшоз ала аныҳәатә аишәа дырхиеит. Дара рнапала иҟарҵаз афатә еиԥш ихааз ааигәа агьама сымбацызт.

Абыргцәеи сареи ҳаицәажәо ҳаштәаз, сгәы иалаз "аԥагьара" атәы расҳәеит.

"Ее, банду дбыкәыхшоуп, ҳара ҳаныхәыҷқәаз уи ԥхыӡла иаҳбаргьы ихаҳҵомызт. Еиҭымны иааӡоу, ахаа акәым, ача ахьҳамаз ҳаигәырӷьон. Ашкол ҳанҭаз, Ашықәс ҿыц аныҳәа аан, амакәан хәыҷқәа ирҭаԥсаны иҳарҭон ҩ-цырак аконфеҭ, ачарҳәы абжа (баранка), цырак априаник, ҩбаҟа-хԥаҟа цыра апечение", — ҳәа ргәаладыршәеит дара.

Исаҳаз, "ҳԥагьара" ҩ-ганк рыла сахәанарԥшит. Акы — шаҟа иразҟузеи ҳгәы ҭәны ҳахьыҟоу, ҩба — закәытә гәнаҳароузеи ачыс ҳахьалахәмаруа.

Ажәабжьқәа зегьы
0