Аԥснытәи аспортсменцәа абокс азы аиндаҭлараҿы рхы бзианы иаадырԥшит

© Foto / предоставлено Эдуардом ДепеляномАԥснытәи аспортсменцәа абокс азы аиндаҭлараҿы рхы бзианы иаадырԥшит
Аԥснытәи аспортсменцәа абокс азы аиндаҭлараҿы рхы бзианы иаадырԥшит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акласс "А" иатәу абокс азы аиндаҭлара - "Кубок Спартака"мҩаԥысит Краснодар, ажьырныҳәа 21 - 26 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik. Аԥснытәи аспортсменцәа ишьахәны рхы аадырԥшит Акласс "А" иатәу абокс азы аиндаҭлара - "Кубок Спартака" аҟны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит азыҟаҵаҩ Альберт Карди-оӷлы.

"Армен Чалукиан 19 - 40 шықәса зхыҵуаз, зыкапан 60 кьыла иҟаз аспортсменцәа дрыцықәгылон. Иара зныкгьы даҵамхаӡакәа хәынтә дықәгылеит. Урыстәыла аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ даԥсахеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит абоксиор иазыҟаҵаҩ Едуард Депелиан.

Встреча со сборной Абхазии по волейболу - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи акоманда Атәылауаа қәыԥшцәа рдунеизегьтәи ахәмаррақәа рҟны иаиааит

Атурнир аҿы аиааира аспортсмен алшара инаҭоит абокс азы адунеи ачемпионат алахәхара.

"Андроник Ексузиан атурнир аҿы ҩынтә дрыцықәгылеит 19-40 шықәса зхыҵуаз, 64 кьыла зкапануаз аспортсменцәа. Актәи ақәгылараан даиааиит, аҩбатәи аан Ҟрымтәи абоксиор иаԥигеит. Андроник аԥеиԥш бзиа змоу спортсменуп", - ҳәа иҳәоит иазыҟаҵаҩ.

Атурнир иалахәын 140-ҩык рҟынӡа абоксиорцәа, Урыстәыла арегионқәа 20 рҟынтәии Аԥснынтәии. Атурнир алахәылацәа Урыстәыла аспорт азҟаза ихьӡ аиура иазықәԥон.

"Спартак" Ахраҿа раԥхьаӡа акәны иаартын 2004 шықәса рзы. Абри аамҭазы иара рхы аладырхәит зықьҩык инареиҳаны аспортсменцәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0