Саами Абаш: сыԥсы ахьынӡаҭоу зегьы ирабжьазгалоит рыԥсадгьыл ахь ихынҳәырц

© Foto / Саида Жиба Саами Абаш
Саами Абаш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
83 шықәса зхыҵуа, Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь азааигәара, Хьарачқыҭа инхо Саами Абаш иаҳзеиҭеиҳәеит амҳаџьырра иахнагаз иабду Ҳасан иҭаацәеи иареи амҩан ргәы иҭымҵуа ахҭыс шырбаз атәы.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Амҳаџьырра аамҭа еиқәаҵәақәа раан, Аԥснынтәи Румыниаҟа иахнагаз Ҳасан Абаши, иԥшәмаԥҳәыс Шьамсиеи (лыжәла дырым), иашьа Мемеҭи, раб иашьа иԥеи (ихьӡ ргәалашәом) ӷбала амшын ианхыла, даҽакгьы ахҵәацәа зқәтәаз рышьҭанеиуан. Зымч ҳаракхоз аԥша ишьҭнахуаз ацәқәырԥа аӷба иахаҵәон. Агәҭынчымра зызцәырҵуаз ауаа еибарҵәыуо рашьҭахьҟа иԥшуан, рыуацәеи, рҭынхацәеи, ргәылацәеи зықәтәаз аӷба рылаԥш ахын, уи уажәы-уажәы ихышәҭозшәа рбон.

Озгьиур Сымсым - Sputnik Аҧсны
Сымсым: Аԥснытәи артистцәа реиԥш ҳзымкәашозаргьы, ҳкультура еиқәҳархоит

Аамҭакы ашьҭахь, амш еиҳагьы аҽанарцәгьа, Ҳасан иҭаацәеи иареи, ирыцыз ажәлари рыбла шааԥшоз егьи аӷба амшын иагоит, ауаа рыҵәаабжь аӡи, ажәҩани ирылаӡоит.

"Усҟан сабду иҭаацәеи иареи ирбаз ахҭыс саргьы сшаҳаҭызшәа иахьа уажәраанӡа еиҿыршәшәаны схаҿы иаазгоит. Амшын санҭаԥшуа, ажәҩан ахь схы анышьҭысхуа, иара адгьыл санықәгылоугьы, аӡы иагаз рыҵәаабжь саҳауашәа сҟалоит, сцәа сыҭӡыӡаауеит", - иҳәоит абырг.

Ҳасан иԥшәмаԥҳәыси, иашьцәеи Ҭырқәтәылаҟа иаауеит, Адаԥазар ақалақь азааигәара Хьарачқыҭа инхоит. Ҳасани Шьамсиеи ирхылҵит ԥшьҩык ахшара, хҩык аҷкәынцәеи, ӡӷабки. Рԥа Ҳамиҭи, рҭаца Фердас Ԥалԥҳаи роуп Саами Абаш иаби иани.

Абырг еиҭеиҳәоит уаанӡа Хьарачқыҭа аԥсуаа рацәаҩны ишынхоз, иара аҭыԥхьыӡгьы дара ракәзаарын иахызҵаз. Иахьа доусы еиӷьу аԥсҭазааразы ақалақьқәа рахь ицо иалагеит аҟнытә, ара инхаз ф-ҭаацәарак роуп, ҭӡак-ҭӡак Ашәааи, Жьиааи, ҩба-ҩба ҭӡы Ладариааи, Абашааи.

Аԥсуа чарақәа зырԥшӡо

"50 аԥсуа ҭаацәарақәа ахьыҟаз, унацәала ҳауԥхьаӡаратәы ҳҟалеит, аҭырқәцәа ҳаланхо ианалага, ҳқыҭа аԥсуа бызшәа ацәыӡит, ахаара цеит", - иҳәоит игәы иаланы Саами.

Гекче Ҷықьԥҳа лыспорттә еихьӡарақәа - Sputnik Аҧсны
Гекче Ҷықьԥҳа: "сшаԥсыуоу дсырдырует"

Ҳџьынџьуаҩ иажәақәа рыла, иахьа Ҭырқәтәыла инхоит 30 ҭӡы Абашаа.

Саами даныхәыҷыз инаркны Аԥсныҟа даар иҭахын, аха алшара имоуит. Хә-класск данрылга ақыҭанхамҩа аныҟәгара далагеит, иааӡеит арахә, дықәаарыхит адгьыл. Ус аҭаацәара далалеит, иԥшәмаԥҳәыс Севгьи Ҳәатышьԥҳаи иареи ҩыџьа аԥацәеи, ҩыџьа аԥҳацәеи рхылҵит. Абас абзазара инапы шалакыз аамҭа ицәцеит, уажәшьҭа иԥсадгьыл ахь дызгаша имоуп аха, игәабзиара иинаҭуам.

"Даара сахьхәны сыҟоуп Аԥсныҟа сахьзымцаз. Сыԥсадгьыл сгәы ишҭо, амца шсыӷроу ус адунеи сыԥсахуеит. Акызаҵәык ҳазшаз сызлаиҳәо убри ауп, ахаан аԥсуа жәлар арыцҳара рымбааит, иазхазааит изыниаз аҭоурыхтә хҭыс еиқәаҵәақәа. Сара сшьапы сахьынӡананаго, сҿы ахьынӡацәажәало абиԥара ҿыц ирабжьазгалоит хара имхәыцкәа рыԥсадгьыл ахь ихынҳәырц. Уаауп ҳахьаҭахыу, аҭырқәа идгьыл аԥсуаа рыдагьы ашьапы иқәгылазаауеит", - ҳәа азгәеиҭоит абырг.

Ҳаицәажәара ахырқәшамҭаз, зшьақәыӷәӷәара халаз Саами Абаш ирҭынчра уадаҩхеит. Иара иҳәеит Аԥсны иацкару аӡәы ибла ахыԥшылареи, аԥсышәала аиацәажәареи рзы иԥсы ахҭынҵара дшазыхиоу.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0