Қьамиль Аҭрышба: ҳаԥсыуаауп, уи ала зегь ҳәоуп

© Foto / Саида ЖибаҚьамиль Аҭрышба Кавказ Акультуратә дернеқь аҟны
Қьамиль Аҭрышба Кавказ Акультуратә дернеқь аҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Ҳендеқь ақалақь аҟны еиҿкаау Кавказ акультуратә Дернеқь есыҽнытәи аусура дазааҭгыло, бжьышықәса раахыс уи еиҳабыс иахагылоу Қьамиль Аҭрышба иаҳзеиҭеиҳәеит хықәкы хадас ишрымоу ахатәы бызшәеи, аҵасқәеи, ақьабзқәеи реиқәырхара.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Ҳендеқь ақалақь аҟны Кавказ Акультуратә дернеқь шьақәгылеижьҭеи 25 шықәса ирықәуп. Ари аамҭа иалагӡаны уи аиҳабацәас иахагылан Ҳаақан Цыба, Али Кәыџба, Расул Осиа, Ердуан Аҩӡба, Шьанаи Кәаӡба, Шьандуан Ажәанд, Џьаавиҭ Аҭрышба, Ҳаақан Аӡыгә-иԥа, Ибрагим Саӡба, Расул Саӡба, Дауҭ Ԥсҳәы, аҵыхәтәантәи бжьышықәса напхгара аиҭоит Қьаамиль Аҭрышба.

Ҳендеқь ақалақь азааигәара иҟоуп аԥсуаа ахьынхо 14 қыҭа, убас черқьес қыҭакгьы. Аиашьаратә милаҭқәа реизарҭа акәны иԥхьаӡоуп ари Кавказ Акультуратә дернеқь.

Қьамиль Аҭрышба иажәақәа рыла, Адернеқь есыҽны ашә аартуп. Мчыбжьык ҩынтә имҩаԥысуеит ахатәы бызшәа аҵаразы акурсқәа, агәаҳәара змоу аԥсшәа длырҵоит Елис Аргәынԥҳа. Амырзакан арҳәара дирҵоит Ведаҭ Ажьиба. Иааиуа ашықәс азы ргәы иҭоуп аԥсуа кәашара арҵара ахацыркра, уи ааигәанӡа имҩаԥигон Озгьиур Сымсым. Есыуаха араҟа еизоит ахацәа, ирылацәажәоит ԥхьаҟатәи русқәа, рыгәҭакқәа.

Ҳендеқь ақалақьи иаԥну ақыҭақәеи рҟны инхо аԥсуаа Кавказ Акультуратә дернеқь аҟноуп еиҳараӡак рыԥсадгьыл ахь агәыбылра ахьрылаҽуа.

Ирфан Ахәаҷба - Sputnik Аҧсны
Ирфан Ахәаҷба: cҵаҩцәеи сареи аԥсшәа еицаҳҵоит

"Сара 15 шықәса схыҵуан, Адернеқь ахь сааиуа саналага. Сҩызцәеи сареи аиҳабацәа ҳарзыӡырҩуан, Аԥсны азы ирҳәо ажәак ҳаҩҳажьуамызт. Исгәалашәоит, уахь ицаны иаақәоз ражәабжьқәа ашана зцыз алакә еиԥш ишҳадаҳкылоз", - еиҭеиҳәоит ҳџьынџьуаҩ.

Қьамиль Аҭрышба иҳаилиркааит Ҳендеқь ақалақьи иазааигәоу ақыҭақәеи рҿы хәнызқьҩык рҟынӡа аԥсуаа шынхо. Иахьа еиҵагылаз абиԥара ҿыц еицәымӡырц, ԥхьаҟа дара реиԥш агәыбылра рыбжьаларц, еишьцыларц азы қыҭацыԥхьаӡа аныҟәарақәа рзымҩаԥыргоит, ирзеиҿыркаауеит аспорттә еицлабрақәа.

Есышықәса Аԥсны иадҳәалоу агәалашәаратәи аныҳәатәи мшқәа рхы рыладырхәоит, иаҭаауеит Қьефқьен иазгәарҭо алахьеиқәҵаратә мшы.

Ҳендеқь Кавказ Акультуратә дернеқь аҟны ирыдыркылахьеит имаҷымкәа Аԥснынтәи иаауа аделегациақәа. Иҳаҩсыз ашықәс азы сасцәас ирҭан Пицундатәи ансамбль "Абааҭа". Артистцәа алархәны еиҿкаан аиԥыларақәа.

Сҭамԥылтәи атеатр Абысҭа ақәыргыламҭа аҟынтәи  - Sputnik Аҧсны
"Абысҭа" Сҭамԥылтәи асценаҿы

Адернеқь аҟны хәыҷи-дуи ргәы дырҿыӷьуам. Излеилкаахаз ала, дара ргәы иҭоуп, еилахәны, ааигәа аҭаца лымҵарсра иазку "Амаџьана ҷкәынцәа" захьӡу аспектакль ақәыргылара.

"Аҭаца лымҵарса аӡәыр ихашҭзар, игәалаҳаршәоит", - ҳәа алаф ахиҳәааит Қьамиль.

"Ус анакәха, апремиера саҩсажьуам", - ҳәа нацысҵеит, саргьы.

Аамҭала, Нодар Кәарҷиа Аԥснынтәи дааны, Ҳендеқь Кавказ Акультуратә дернеқь аҟны ашәаҳәара дирҵозаарын. Излеилкаахаз ала, иахьагьы ианааидтәало "Рада-гәышьа", "Бара боуми", "Салуман ахаҵа", "Ачара ду аилашымҭаз", "Ӡиуауа" уҳәа игәынкыланы ирымоу еицырҳәалоит.

Қьамиль Аҭрышба изныкымкәа Аԥсныҟа дцахьеит, иҩызцәеи иареи еилахәны, Очамчыра араион, Кындыӷ ақыҭан абаҳча зҵаку аҩны аархәеит. Лассы-лассы аиҩызцәеи рҭаацәеи уахь ицалоит.

© Foto / Саида ЖибаҚьамиль Аҭрышба
Қьамиль Аҭрышба: ҳаԥсыуаауп, уи ала зегь ҳәоуп - Sputnik Аҧсны
Қьамиль Аҭрышба

"Зегь акоуп, ҳаԥсадгьыл ахь ҳахнымҳәыр залшом. Ари раԥхьатәи шьаҿоуп ҳџьынџьдгьыл ахь. Ҳара ҳаԥсыуаауп, уи ала зегь ҳәоуп", - инаҵишьит Қьамиль.

Амҳаџьырра аан Қьамиль Аҭрышба иабду иабду Омар иоуп ахҵәара иақәшәаз. Дара Шәача азааигәара инхон. Аурыс-Кавказ еибашьраҿы Омар ҩыџьа иашьцәа Мсаусҭи Шьахакази ҭахазаап.

Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, Қьамиль Аҭрышба агәыӷра ааирԥшит атәым дгьыл аҟны инхо аԥсуаа знымзар зны рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра лахьынҵас ироуп ҳәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0