Аԥсуа рыжәтәқәа гран-при ранашьахеит ацәыргақәҵа "Продэкспо-2019" аҟны

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа рыжәтәқәа
Аԥсуа рыжәтәқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афатә, арыжәтә, аӡа Жәларбжьаратәи рцәыргақәҵа мҩаԥысит Москва, Ацентртә цәыргақәҵатә зал "Экспоцентр" аҿы, жәабран 11 - 15 рзы.

АҞӘА, жәабран 18 – Sputnik. Ауараш зауад "Сухумский" ианашьахеит гран-при аноминациа "Лучший продукт 2019" аҟны, ацәыргақәҵа "Продэкспо-2019" аҿы ҳәа радио Sputnik иазеиҭалҳәеит азауад адиректор Амра Ануаԥҳа.

Камила Квициния - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит аԥсуа сыӡбал Аԥсны анҭыҵ изырзымҭиуа

Аицлабрахь Аҟәатәи ауараш зауад ицәырнагеит аџьбарра злам арыжәтәқәа рцәаҳәа "FruktOZ", иара убасгьы ауараш "Сухумское".

"Ҳара ҳәарада иҭҳажьуа аалыҵ ахаҭабзиареи ашәарҭадареи ҳрықәгәыӷуеит, аха гран-при ҳазыԥшымызт. Агәахәара дуӡӡа ҳауит ҳахьалыркааз азы", - ҳәа лҳәоит Ануаԥҳа.

Ауараш зауад гран-при аиуит аноминациа "Лучшее предприятие 2019 года" азгьы. Адиректор иазгәалҭеит аиааира азауад аизҳаразы ихәарҭа дуны ишыҟоу, аалыҵ ауаа еицырдыруа ишыҟанаҵо.

"Иҳауз аԥыжәара адагьы ҳара иаабеит ҳаалыҵ ахархәаҩцәа ирҭахны ишыҟоу. Аԥсны зыԥсы зшьоз ирҳәон ишеигәырӷьоз ҳаалыҵ урыстәылатәи аџьармыкьахь ацәырҵра", - лҳәеит лара.

Ануаԥҳа лажәақәа рыла, азауад иҭнажьуа аалыҵ ахкқәа арҭбаараны иҟоуп. Ацәыргақәҵа аан аԥснытәи аалыҵ аинтерес рызцәырнагеит аҭирҭатә адәқьан дуқәа "Ашан"; "Магнит".

"Продэкспо-2019" – есышықәсатәи жәларбжьаратә форумуп.

2018 шықәсазы ацәыргақәҵа иалахәын 2000 еилахәыра 65 тәыла рҟынтәи. "Продэкспо-2019" иаҭааит 62 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0