"Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" лассы имҩаԥысраны иҟоуп

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВсероссийская акция "Большой этнографический диктант"
Всероссийская акция Большой этнографический диктант - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәбатәи, есышықәсатәи "Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны ақалақьқәа ԥшьба рҿы мшаԥы 13 рзы.

АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. "Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" аҽазыҟаҵаразы жәабран 22 инаркны Москва Аҩны аҿы ирылагоит аурыс бызшәаз акурсқәа "Аурыс бызшәа хәашала". Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит Урыстәылатәи акультуратә центр афонд анапхгара ахантәаҩы Наталиа Каиун.

"Акурсқәа мҩаԥгахоит изҭаху зегьы рзы хәыда-ԥсада ес-хәаша, асааҭ 15:00 рзы "Россотрудничество" ахаҭарнакраҿ. Здырра еиҳазтәыр зҭаху зегьы шәааҳаԥхьоит", - лҳәеит Каиун.

Архивное фото студентов - Sputnik Аҧсны
"Мҽхакыҭбаатәи адиктант" онлаин уҽазыҟауҵар алшоит

Аурыс бызшәаз акурсқәа "Аурыс бызшәа хәашала" "Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" аҽазыҟаҵаразы еиҿкаахоит. 2019 шықәса рзы адиктант рыҩуеит Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра. Акциа изҭаху зегьы рхы аладырхәуеит.

"Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" адунеи зегь аҿы имҩаԥысуеит мшаԥы 13 рзы. Ари иаку рыцхәуп. Ҳара аҽазыҟаҵара ҳалагахьеит. Адиктант аштаб Новосибирск иҟоуп", - ҳәа еиҭалҳәоит Каиун.

Аҟәа адиктант рыҩуеит Пушкин ихьӡ зху ашкол №2 аҿы, адиктант даԥхьоит "Россотрудничество" ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха. Очамчырагь адиктант аҩра мҩаԥысуеит ашкол №2 аҿы.

"Гәдоуҭеи Гагреи макьаназ ишьақәдмыргылац ауснагӡатә ахьымҩаԥгахо. Заанаҵы аҽанҵара аҭахны иҟам. Аҽны инеиуа зегь адиктант аҩра рҽаладырхәыр рылшоит" ҳәа лҳәоит Каиун.

"Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" рҽазыҟарҵоит: Урыстәыла, Аԥсны, Арабтәи Емиратқәа, Вьетнам, Германиа, Франциа, Великобританиа, Финлиандиа, Италиа, Израиль, Ҟазахстан, Монголиа, Ареспублика Кипр, Естониа уҳәа рҿы.

"Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" хацыркхеит 2004 шықәса рзы, Новосибирсктәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. Аԥхьатәи ашықәсқәа раан ахархәара рырҭон аурыси аҳәаанырцәтәи аклассикеи рцыԥҵәахақәа. 2010 шықәса раахыс атекст рыҩразы иадрыԥхьало иалагеит ҳаамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы адиктант атекст рҩит: Борис Стругацки, Захар Прилепин, Дина Рубина, Алексеи Иванов уҳәа егьырҭгьы.

Аҵарадырратә акциа "Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" 2018 шықәса рзы имҩаԥысуеит ареспублика ақалақьқәа хԥа: Аҟәа, Гагра, Очамчыра рҟны.

2019 шықәсазы "Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" аҳҭнықалақь ҳәа иалхуп Таллин.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0