АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара 2009 шықәса рзы ишьақәырӷәӷәаз "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿы аус зуа аусзуҩцәа руалафахәцҵазы" аԥҟара аԥсахрақәа аланагалеит.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба иазгәеиҭеит аграждантә усзуҩцәа ари аусбарҭаҿы русура ашықәсқәа инақәыршәаны руалафахәцҵа шышьақәыргылахо:
• шықәсык инаркны ҩышықәса рҟынӡа – амаҵзуратә зыԥҵәаҟынтәи 5%;
• ҩышықәса инаркны 5 шықәса рҟынӡа – 10%;
• 5 инаркны 10 шықәсанӡа – 20%;
• 10 инаркны 15 шықәсанӡа – 25%;
• 15 инаркны 20 шықәсанӡа – 30%;
• 20 инаркны 25 шықәсанӡа – 35%;
• 25 шықәса инареиҳаны– 40%.
Аминистр иҳәеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿы аус зуа аграждантә усзуҩцәа рулафахәцҵа аамҭа-аамҭала ашьҭыхра аграфик шышьақәыргылоу 2014 шықәса абҵарамза 24 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра ду ахәҭаҷ 10 анагӡаразы.
Аԥаразоужьра аиҳарак мҩаԥнагоит Урыстәылатәи Афедерациа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.