Аҟәатәи ашколхәыҷ аменталтә арифметиказы ачемпионат аҿы ахԥатәи аҭыԥ никылеит

© Foto / Лиана Кяхба-ВаначаАслан Ванача взял "бронзу" на чемпионате по ментальной арифметике в России
Аслан Ванача взял бронзу на чемпионате по ментальной арифметике в России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аменталтә арифметиказы жәларбжьаратәи ачемпионат мҩаԥысит Санкт-Петербург, хәажәкыра 9 2019 шықәса рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Санкт-Петербург имҩаԥысуаз аменталтә арифметиказы жәларбжьаратәи ачемпионат аҿы аҟәатәи абжьаратә школ №2 аҵаҩы Аслан Уанаҿа ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Аслан иан Лиана Кьахьԥҳа-Уанаҿа.

"Аслан аменталтә арифметика аурокқәа рахь днеиуа далагеит ииасыз ашықәс азы Арҵаратә центр "Академия" аҿы. Ҳарҵаҩы  - Саида Џьынџьалԥҳа иҳадылгалеит ачемпионат ҳалахәхарц. Ҳақәшаҳаҭхеит. Аслан ахԥатәи аҭыԥ никылеит ҳшазыԥшӡамыз", - ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Зынӡа аԥснынтәи ачемпионат иалахәын хәҩык ахәыҷқәа. Дара зегьы Аҟәа аус зуа Арҵаратә центр "Академия" ахь иныҟәоит ҳәа лҳәоит Аслан иан.

Аслан иакәзар иаҳзеиҭеиҳәеит аҵыхәәтантәи аҿырԥштәқәа ҩба маҷк ишицәыуадаҩыз.

"Аԥхьа аҿырԥштәқәа зныз бӷьыцк-бӷьыцк ҳарҭеит. Х-минуҭк иалагӡаны иҳаӡбар акәын абакус (аԥхьаӡага-аред.) ахархәарала. Аҵыхәтәантәи аҩ-ҿырԥштәык сцәыуадаҩхеит", - иҳәоит иара.

© Foto / Лиана Кяхба-ВаначаАслан Ванача взял "бронзу" на чемпионате по ментальной арифметике в России
Аҟәатәи ашколхәыҷ аменталтә арифметиказы ачемпионат аҿы ахԥатәи аҭыԥ никылеит - Sputnik Аҧсны
Аслан Ванача взял "бронзу" на чемпионате по ментальной арифметике в России

Арифметикаҿ ақәҿиарақәа шимоугьы Аслан асахьаҭыхроуп бзиа иибо. Иан лакәзар иеиҭалҳәоит Аслан аменталтә арифметикахь дныҟәо далагеижьҭеи еиҳа иҵара шеиӷьхаз.

Аменталтә арифметиказы жәларбжьаратәи ачемпионат мҩаԥысит Санкт-Петербург, хәажәкыра 9, 2019 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0