Килиманджаро ақәцәахь аԥснытәиқәа халеит

© Foto / предоставлено Борисом БарцицКилиманджаро
Килиманджаро  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра  7 - 8 рзы  аспорттә клуб "Sport Apsny" алахәылацәа азнеиит Африка иреиҳаӡоу ашьха Килиманджаро ақәцәа. Аԥсуа альпинистцәа 5895 метра ахалара шрылшаз атәы еиҭаҳәоуп Sputnik акорреспондент иматериал аҿы.

Бадри Есиава, Sputnik

Килиманджаро ахалара азыԥхьагәаҭан хәажәкыра 7 - 8  рзы, аха уи аҳәса рымшныҳәа иадҳәаламызт ҳәа еиҭеиҳәоит Аԥсны атритлон азы Афедерациа ахада, аспорт клуб "Sport Apsny" анапхгаҩы Борис Барцыц.

Танзаниа 5800 метра рҟынтәи алаԥшра Борис игәы азыҳәон данқәыԥшыз, Ернест Хемингуеи иажәабжь "Килиманджаро асқәа" данаԥхьа инаркны. Игәаҳәара анагӡара алшар шауаз агәра иго далагеит  2018 шықәса рзы иҩызеи иареи Ельбрус ақәцәахь ианнеи ашьҭахь.

© Foto / предоставлено Борисом БарцицКилиманджаро
Килиманджаро ақәцәахь аԥснытәиқәа халеит - Sputnik Аҧсны
Килиманджаро

"Ҳара хҩык ҳаҟан – сара, Андреи Хачатуров, Урыстәылатәи ҳҩыза - Сергеи. Ельбрус аԥышәа ҳаман, ҳхы агәра аагон", - ҳәа еиҭеиҳәоит Барцыц.

Иазыҟаҵам ауаҩы асеиԥш илшом, аԥсыԥ алагаҩагара уадаҩхоит аҳаракыраҿы, аҳауа узхаӡом. Иҟалоит зынӡа уҭахаргьы. Уазыҟаҵазароуп ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

"Аԥхьа автомашьынала 3400 метра рҟынӡа ҳхаргалеит. Уахьынтә шьапыла ахалара ҳалагеит. Актәи алагер аҟынӡа ҳҩеиит. Уи 3800 метра аҳаракыраҿы игылоуп. Уа аҳауаҽаршьцылара ҳахысит. Хымш рышьҭахь 4600 метра ҳхалеит, нас шьҭахьҟа албаара ҳалагеит. Усеиԥш иахәҭоуп ашьха ахалараан. Асы, акырцх леиуан", - ҳәа иҳәоит Борис Барцыц.

Килиманджаро анапаҿы аагара иалагеит 4684 метра рҟынтәи хәажәкыра ааба, асааҭ 00:00 инаркны. Ашьыжь ашараз Килиманджаро ақәцә – Ухуру (5895 метра - аред.) иазнеиит.

"Уахынла ҳдәықәларц заҳаӡбаз ашьыжь ашацкыраз оумашәа иԥшӡароуп улаԥш ахьынӡанаӡо зегьы. -20 °С рҟынӡа ахьҭа ыҟан, аԥшаӷьы асуан. Ҳмыццакыкәа ҳнеиуан. Амҩан ахалара злымшакәа игьыжьуаз ауаа ҳԥылон еихьышәшәа-еиԥышәшәа", - ҳәа дахцәажәоит Барцыц.

© Foto / предоставлено Борисом БарцицКилиманджаро
Килиманджаро ақәцәахь аԥснытәиқәа халеит - Sputnik Аҧсны
Килиманджаро

Аҳаракыраҿ ауаҩы ицәеижь дшазыԥшӡам ахы мҩаԥнагар ауеит иҳәоит иара.

5700 метра ианҩеи нахыс Килиманджаронӡа рымҩа ашьхеибаркырақәа ирхысуан ицон.

"Ашьхарахь уанҩеиуа еиҳа-еиҳа умч каԥсоит, уаҳа сылшом ҳәа аауҳәонаҵы, ухықәкы рацәак бжьаӡамкәа уаннықәыԥшлак иахьаанага узымдырӡо умчқәа еизыкәкәоит. Сара уи  адреналини ашьха чымазареи реилалара ҳәа сашьҭоуп", - иҳәоит Барцыц.

Ухуру ақәцәахь альпинистцәа ҩеит алагер аҟынтәи рдәықәлара ашьҭахь быжь-сааҭк рышьҭахь, ашамҭазы. Танзаниа абри аамҭазы ақәоурақәа ираамҭоуп, аԥсҭҳәақәа шыҟазгьы Борис игәаҳәара ду – Хемингуеи дыззышәаҳәоз Килиманджаро асы ибеит.

Амра Начҟьебиаԥҳа Ельбрус ахыцәқәа ихалаз раԥхьатәи аԥсыуа ԥҳәызбоуп

Аԥснытәи аспортсмен иҳәоит арҭ асқәа  уаанӡа аӡиас дуқәа ирхыҵхырҭазар, уажәы аҵарауаа ишырҳәо ала 20 шықәса рыҩныҵҟа иниаӡаа ицар алшоит ҳәа.

"Агәахәара ду сымоуп рбара сахьахьӡаз", - иҳәоит Барцыц.

Ашьха ақәцәаҿы Бориси иҩызцәеи ирԥылеит  ЕАА, Австралиа, Иапониа рҟынтәи альпинистцәа.

Аԥсны атритлон азы Афедерациа ахада, аспорт клуб "Sport Apsny" анапхгаҩы Борис Барцыц иаԥхьаҟатәи ипланқәа макьаназ ирылацәажәаәтны ибом.

"Ҳара аԥсуаа ашьхақәа ҷыдала ҳарзыҟоуп. Урҭ аԥсы рханы иаабоит. Ашьха ианаҭахымха ааигәарагьы узнеиуам. Ҳазусҭцәада ҳара ашьха ҳампыҵаҳхалоит ҳәа ҳҳәартә еиԥш", - иҳәоит иара.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0