Искандер ихьӡ зху Ацентр аартхоит Москва

© FotoИскандер ихьӡ зху Ацентр аартхоит Москва
Искандер ихьӡ зху Ацентр аартхоит Москва - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху Ацентр аартхоит 2019 шықәса, ҭагалан, Москва.

АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Ашәҟәыҩҩы иԥҳәыс Антонина Хлебникова-Искандер лажәақәа рыла ацентри Москва аус зуа аԥсуа чыс аресторани реизааигәарагьы ҵакык амоуп.

"Ҳара даара иаҳгәаԥхеит Ацентр аартра ахьҳагәҭаку аҭыԥ аҿаԥхьаҵәҟьа Москва аус зуа аԥсуа чыс аресторан аҟазаара. Ус иақәшәоит ҳәагьы ҳаҟамызт", - ҳәа лҳәоит лара.

Џьгьарда ақыҭа инхо Ҭома Логəуа - Sputnik Аҧсны
Ҭома Логəуа: Фазиль Искандер ибзоураны Чагьам ахьӡ адунеи иалаҵəеит

Уи адагьы Антонина Хлебникова-Искандер лажәақәа рыла абри аҭыԥ иацәыхарамкәа дынхон Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь.

Фазиль Искандер ихьӡ зху Ацентр аартхоит 2019 шықәса, ҭагалан, Москва.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩы-шықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура". Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0