Урыстәылатәи амедицинатә усҳәарҭақәа рҿаԥхьа Аԥсны ауалқәа ирылацәажәан

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылатәи амедицинатә усҳәарҭақәа рҿаԥхьа Аԥсны ауалқәа ирылацәажәан
Урыстәылатәи амедицинатә усҳәарҭақәа рҿаԥхьа Аԥсны ауалқәа ирылацәажәан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәса аҩныҵҟа Урыстәылатәи амедицинатә усҳәарҭақәа рҿаԥхьа Аԥсны ауалқәа идыртәоит 30 миллион мааҭ.

АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Аиҳабырабжьаратә комиссиа аӡбарала Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ацхыраара ҟанаҵараны иҟоуп Урыстәылатәи амедицинатә усҳәарҭақәа рҿаԥхьа Аԥсны ауалқәа ршәаразы ҳәа иҳәеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Анатоли Гулин. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Полис ОМС, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса аполисқәа лассы рыҭара иалагоит

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Вероника Скворцова лыдҵала усутә визитла Аԥсны иаҭааит, Урыстәыла Афедералтә медицина-биологиатә маҵзура (ФМБА) анапхгаҩы Владимир Уибеи Урыстәыла Атәылахьчара аминистр ицхырааҩ Анатоли Гулини.

Урыстәыла Афедералтә медицина-биологиатә маҵзура (ФМБА) анапхгаҩы Владимир Уибеи Урыстәыла Атәылахьчара аминистр ицхырааҩ Анатоли Гулини хәажәкыра 19 рзы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи Аԥсны афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанбеи аиԥылара рыман.

Аиԥылараҿы иалацәажәан Аиҳабырабжьаратә комиссиа аӡбарала Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иҟанаҵараны иҟоу ацхыраара. Аиҳабырабжьаратә комиссиа аӡбарала Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ацхыраара ҟанаҵараны иҟоуп Урыстәылатәи амедицинатә усҳәарҭақәа рҿаԥхьа Аԥсны ауалқәа ршәаразы ҳәа иҳәеит аиԥылараан Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Анатоли Гулин.

Убри аан иазгәаҭан ауал ахәҭак ашәаразы аԥаразоужьра шымҩаԥго.

2018 шықәса аҩныҵҟа Урыстәылатәи амедицинатә усҳәарҭақәа рҿаԥхьа Аԥсны ауалқәа идыртәоит 30 миллион мааҭ.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0