Гогьиа Киев иҟанаҵаз асанкциақәа рзы: усеиԥш егьа ҳхаагахьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукТамаз Гогия
Тамаз Гогия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украина асанкциақәа аланагалеит 294 иуристтәи 848 хатәхаҿи рганахь ала. Абри асиахь иаҵанакит Донбасс имҩаԥысуаз алхрақәа рҿы наԥшыхәҩыс иҟаз Аԥсны атәылауаа хҩык.

АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Украина амилаҭтә шәарҭадаратә маҵзуреи атәылахьчара аминистрреи асанкциақәа аларгалеит Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа, Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынба, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Олега Аршба рганахь ала.

Украина - Sputnik Аҧсны
Украина Аԥсны атәылауаа хҩык рганахь ала асанкциақәа аланагалеит

"Ганкахьала агәахәара ҳнаҭоит Аԥсны аҳәынҭқарратә мчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа рмаҵзурақәа адокумент аҟны официалла иахьарбаз. Жәларбжьаратәи аҵакы арҭеит ҳәа ҳҳәаргьы ауеит. Егьи аганахь ала, усеиԥш егьа ҳхаагахьеит. Аригьы ҳхаагап. Украинеи ҳареи абизнестә еизыҟазаашьа ҳамам, Украина афинанстә активқәа ҳзышьҭам", - ҳәа иҳәоит иара.

Ҭамаз Гогьиа иҳәоит аԥсуа делегациа Донбасс аҟазаара Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаа иахысуам ҳәа.

"Аԥсны адәныҟаполитикатә усҳәарҭа иҟалаз ахҳәаа анаҭап ҳәа сгәыӷуеит. Алхрақәа рахь инаԥхьаз аԥсуа делегациа Донбасс аҟазаара Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаа иахысуам. Аҳәаа ахысраан ҳашәҟәқәа рҿы иарбан Урыстәылантәи Украина аҵакыра ҳшалалоз. Аҳәаа ҳахысит ишьақәыргылоу аҭыԥ аҿы", - ҳәа еиҭеиҳәоит Гогьиа.

Украина асанкциақәа аланагалеит 294 иуристтәи 848 хатәхаҿи рганахь ала. Арахь иаҵанакит Донбасс имҩаԥысуаз алхрақәа рҿы наԥшҩыс иҟаз Аԥсны атәылауаа хҩык: Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа, Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынба, Адәныҟатәи аусқәа рминисттра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Олега Аршба.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0