Искандер ирҿиамҭақәа ирылху акинофильм Аԥсны иҭырхраны иҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСкульптура Чика
Скульптура Чика - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арежиссер Аслан Галазов Фазиль Искандер иҩымҭа "Чик ихәыҷра" иалхны иҭихраны дыҟоу акиносахьа иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит Аҟәа, хәажәкыра 27 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Арежиссер Аслан Галазов ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Фазиль Искандер иҩымҭа "Чик ихәыҷра" иалхны Аԥсны иҭихраны дшыҟоу акиносахьа.

Искандер ихьӡ зху Ацентр аартхоит Москва - Sputnik Аҧсны
Искандер ихьӡ зху Ацентр аартхоит Москва

2018 шықәса рзы Аслан Галазов Искандер ирҿиамҭақәа ирылхны афильм аҭыхразы Урыстәыла акультура аминистрра аԥхьахә иоуит.

"Фазиль Искандер еснагь дактуалны дшыҟац даанхоит сгәы иаанагоит", - иҳәоит Галазов.

Афильм асценарии иҩит Аслан Галазов ихаҭа. Афильм ахь иаҵанакуеит аизга "Чик ихәыҷра" иатәу ажәабжьқәа ԥшьба. Ауаԥс режиссиори аԥсуа актиорцәеи еибадырит, еинырит.

"Аԥсуа драматә театри РУСДРАМи рактиорцәеи сареи ҳаибадырит. Исҭахуп афильм аԥсуа цәа аҟәынны иҟаларц", - ҳәа иҳәоит иара.

Аслан Галазов аҭыхрақәа нап рылеикуеит лаҵара-рашәара амзақәа рзы.

Аслан Галазов –ауаԥс режиссер. Алитературеи алингвистикеи дырхысуан СОГУи МГУи рҿы. Европатәи акино аҭоурыхи атеориеи иҵонт Вашингтон. Аҵара иҵон ВГИК аҿы.

Арсалиаԥҳа Искандер иҩымҭала иҭыххо афильм азы: Аԥсны акультура азхаҵара иацхраауеит

Ажәабжьқәа зегьы
0