Амилаҭтә парк "Кәыдрытәи аиҩхаа" Аԥсны иаԥҵахоит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКәыдрытәи аиҩхаа
Кәыдрытәи аиҩхаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ирыдыркылаз ақәҵара Апарламент ахь инашьҭхоит ақәшаҳаҭразы.

АҞӘА, хәажәкыра 28- Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаднакылеит ақәҵара амилаҭтә парк "Кәыдрытәи аиҩхаа" аԥҵаразы.

"Кәыдрытәи аиҩхаа иахьа ишыҟоу угәы унархьыртә ауп. Аиҩхаахь инеиуа хылаԥшра рымам, аушьҭырҭатә ҭыԥ шыҟоугьы", - иҳәеит аилатәараҿы Аԥсны аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

Амилаҭтә парк аԥҵахоит Аԥсны иуникалу аԥсабара ахьчара хықәкыс иҟаҵаны.

Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит аиҩхаа аҵакыраҿы иуԥылар шалшо адунеи аҟны аҽаџьара иҟам аҵиаақәа. Амилаҭтә парк аԥҵаразы аӡбра рыдкылоуп "Ҷыдала ихьчо аԥсабаратә ҵакырақәа рзы" азакәан ахәҭаҷ 13 инақәыршәаны.

Ирыдыркылаз ақәҵара Апарламент ахь инашьҭхоит ақәшаҳаҭразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0