Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа еиҳа ишәарҭоу аҟәатәи амҩақәа рыӡбахә аҳәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕиҳа ишәарҭоу аҟәатәи амҩақәа рыӡбахә рҳәеит
Еиҳа ишәарҭоу аҟәатәи амҩақәа рыӡбахә рҳәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба ипресс-конференциа.

АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik, Бадри Есиава. Аиҳарак Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа Ешба, Ӡиӡариа рыхьӡ зху амҩадуқәа, Кәыдрытәи амҩаду рҿоуп амҩатә машәырқәа ахьыҟало ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба ипресс-конференциаҿ. Апресс-конференциа мҩаԥысит мшаԥы 3 рзы.

Аҳәынҭқарра Ахада амҩатә ԥҟарақәа рырӷәӷәаразы адокумент идгалахоит

"Аиҳарак абарҭ амҩақәа рҿы ашьаҟауаа алахәны амҩатә машәырқәа ҟалоит. Аиҳаракгьы уахынлан. Убри азы ҳауаажәлар рахь аҳәара ҟасҵоит агәҽанызаара рымазарц. Амҩаҿықәқәа рҿы ахәаахәҭратә аобиектқәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аофисқәа уҳәа ахыбрақәа рацәоуп. Амҩа иану ма еихызҵәо ауаа агәҽанызаара аадырԥшуам. Амашьына аԥсҟы зку реиԥш ашьаҟауаагьы ироуҳәаша маҷым", - ҳәа иҳәеит Агрба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит амҩалашара џьара-џьара аҟамзаарагьы ауадаҩрақәа шацу. Аԥсны амҩаду хада далацәажәо Агрба иазгәеиҭеит еиҳарак амашәырқәеи амҩатә ԥҟаррақәа ахьеиларгои ҭыԥны иҟоуп ҳәа.

Хыԥхьаӡарала амҩатә машәырқәа еиҳа еиҳаны аҭыԥ рымоуп гәдоуҭатәи амҩахәҭаҿы. Ҳазҭалаз 2019 ашықәс аҩныҵҟа абри аганаҿ хҩык ауаа ҭахахьеит амҩатә машәыр иахҟьаны.

Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба амҩатә машәырқәа рыҟалара аиҳарак мзызны иамоу аццакра, амшцәгьақәа, автомашьына техникала аиқәымшәара ракәны дрыхәаԥшуеит.

"Амҩақәа рҿы акамерақәа иҟоу азхоны иҟам. Абри аганахь ала аус ацаауеит аилахәыра "Трансбезопасность". Амҩатә машәырқәа раԥырҟәҟәааразы акамерақәа ирылшаша маҷым", - ҳәа азгәеиҭоит иара.

Иахьатәи аамҭазы ареспублика аҩныҵҟа амҩадуқәа рҿы 12 камера кнаҳауп, аха аусура еиҳа хра аманы аҟазааразы урҭ рхыԥхьаӡара 100 еиҵамзароуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0